Уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит зқьи хәышәҩык рҟынӡа ауааԥсыра

© AFP 2023 / OZAN KOSEШьамтәылатәи ахҵәацәа
Шьамтәылатәи ахҵәацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәса ԥхынгәы 18 раахыс Шьамтәылаҟа аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟынтәи ихынҳәхьеит 347 071-ҩык ауааԥсыра. Цәыббра 30, 2015 шықәса раахыс Шьамтәылаҟа аҳәаанырцәтә ҳәынҭқаррақәа рҵакырадгьылқәа рҟынтә ихынҳәхьеит 531 693-ҩык ауааԥсыра.

АҞӘА, нанҳәа 29 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Иорданиеи Ливани рҟынтәи Шьамтәылаҟа ихынҳәит ҩ-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра ҳәа аҳәоит Аиныршәара урыстәылатәи ацентр аинформациатә биуллетен аҟны.

"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит 1 540-ҩык ауааԥсыра Ливанынтәи аушьҭырҭатә ҭыԥқәа "Джейдет-Ябус", "Телль-Калах" рыла – 478-ҩык (аҳәса – 143-ҩык, ахәыҷқәа – 243-ҩык), Иорданиантә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Насиб" ала – 1062-ҩык (аҳәса – 319-ҩык, ахәыҷқәа– 542-џьа)", - аҳәоит абиуллетен аҟны.

Шьамтәыла анџьныртә арҟәшақәа аҵыхәтәантәи аамҭазы аминақәа рҟынтәи рхы иақәиҭыртәит апровинциа Дераа аҿы 2,2 гектарк адгьыл. Уи адагьы иԥжәо амаҭәашьарқәа 33 аԥыхуп.

Аҳәаанырцәтә ҳәынҭқаррақәа 45 – зыҟны шьамтәылатәи ахҵәацәа нхо рахьтә ҩажәижәаба (Ҭырқәтәыла, Ливан, Иорданиа, Германиа, Ирак, Египет, Нидерланды, Австриа, Даниа, Бырзентәыла, Швеицариа, Кипр, Бельгиа, Италиа, Румыниа, Испаниа, Ирландиа, Мальта, Польша, Босниеи Герцеговинеи, Аргентина, Лиуксембург, Хорватиа, Словениа, Болгариа, Венгриа, Исландиа, Словакиа, Чехиа, Латвиа) рҵакырақәа рҿы ахҵәацәа рхыԥхьаӡара шьақәдырӷәӷәеит.

Шьамтәыла бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара мҩаԥысуеит 2011 шықәса раахыс. 2017 шықәса анҵәамҭазы ирылаҳәан атеррористтә гәыԥ ИГИЛ* ишаиааиу азы.

Иахьатәи аамҭазы аполитикатә ҭышәынтәалара, атәыла аиҭашьақәыргылара, ахҵәацәа рырхынҳәра иаҿуп.

*Урыстәыла изакәаным ҳәа ирылаҳәоу атеррористтә еиҿкаара

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0