Ахҵәацәа шьамтәылатәи алагерь "Рукбан" аанрыжьраны иҟоуп 30 мшы рыҩнуҵҟа

© AP Photo Raad AdaylehЕр-Рукбан
Ер-Рукбан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алагер "Рукбан" аҟны инхо ахҵәацәа реихшара азҵаара алацәажәаразы Урыстәылеи Шьамтәылеи реиҳабырабжьаратә штабқәа еилацәажәеит цәыббра 18 рзы.

АҞӘА, цәыббра 18 – Sputnik. Еиӷацәоу аганқәа реиныршәаразы урыстәылатәи ацентр аиҳабы, аинрал-маиор Андреи Бакин аҳәамҭа ҟаиҵеит ахҵәацәа рлагер "Рукбан" аҟынтәи 30 мшы рыҩнуҵҟа ахҵәацәа ықәгахоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"ЕАР-еи Шьамтәылатәи Аџьар Ҟаԥшьи роперативтә план иазԥхьагәанаҭоит иаанханы иҟоу ахҵәацәа гәыԥ-гәыԥла 30 мшы рыҩнуҵҟа арахьынтә рықәгара", - ҳәа иҳәоит Бакин.

Урыстәылатәи акоординациатә штаб ахаҭарнак аполковник Леонид Антоник иҳәеит ахҵәацәа реихшара аплан цәыббра 27 рзы ишхацыркхо.

Уи адагьы аинформациатә биуллетень ишаҳәо ала, ииасыз уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа алагер нрыжьит зқьи хәышәҩык ахҵәацәа.

"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит 1 540-ҩык ауааԥсыра Ливанынтәи аушьҭырҭатә ҭыԥқәа "Джейдет-Ябус", "Телль-Калах" рыла – 478-ҩык (аҳәса – 143-ҩык, ахәыҷқәа – 243-ҩык), Иорданиантә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Насиб" ала – 1062-ҩык (аҳәса – 319-ҩык, ахәыҷқәа– 542-џьа)", - аҳәоит абиуллетен аҟны.

Шьамтәылатәи ахҵәацәа - Sputnik Аҧсны
Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа Шьамтәылаҟа х-нызқьҩык инареиҳаны ахҵәацәа хынҳәит

Шьамтәыла анџьныртә арҟәшақәа аҵыхәтәантәи аамҭазы аминақәа рҟынтәи рхы иақәиҭыртәит апровинциа Дераа аҿы 2,2 гектарк адгьыл. Уи адагьы иԥжәо амаҭәашьарқәа 27 аԥыхуп.

Аҳәаанырцәтә ҳәынҭқаррақәа 45 – зыҟны шьамтәылатәи ахҵәацәа нхо рахьтә ҩажәижәаба (Ҭырқәтәыла, Ливан, Иорданиа, Германиа, Ирак, Египет, Нидерланды, Австриа, Даниа, Бырзентәыла, Швеицариа, Кипр, Бельгиа, Италиа, Румыниа, Испаниа, Ирландиа, Мальта, Польша, Босниеи Герцеговинеи, Аргентина, Лиуксембург, Хорватиа, Словениа, Болгариа, Венгриа, Исландиа, Словакиа, Чехиа, Латвиа) рҵакырақәа рҿы ахҵәацәа рхыԥхьаӡара шьақәдырӷәӷәеит.

Шьамтәыла бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара мҩаԥысуеит 2011 шықәса раахыс. 2017 шықәса анҵәамҭазы ирылаҳәан атеррористтә гәыԥ ИГИЛ* ишаиааиу азы.

Иахьатәи аамҭазы аполитикатә ҭышәынтәалара, атәыла аиҭашьақәыргылара, ахҵәацәа рырхынҳәра иаҿуп.

*Урыстәыла ззин ыҟам атеррористтә гәыԥ

Ажәабжьқәа зегьы
0