Цхинвал амҩахадақәа руак Путин ихьӡ ахырҵеит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВид на одну из городских улиц в Цхинвале.
Вид на одну из городских улиц в Цхинвале. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цхинвал ақалақь ахада Алан Кочиев аҳәамҭа ҟаиҵеит ақалақь амҩахадақәа руак Урыстәылатәи Афедерациа ахада ихьӡ ахҵахоит ҳәа.

АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла аҳҭнықалақь амҩахадақәа руак– Московскаиа - Владимир Путин ихьӡ ахҵахеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.

"Иҳаӡбеит, Владимир Владимир-иԥа Путин ареспублика аизҳа-зыӷьаразы илагаламҭақәеи илшамҭақәеи ирызхьаԥшны ҳақалақь амҩа ԥшӡақәа руак – Московскаиа – уажәшьҭарнахыс ихьӡ ахҵазарц. Аӡбра ҳадаҳкылеижьҭеи акыр ҵуан, аха ахьӡԥсахра мҩаԥгахоит иахьа, Урыстәыла ахада имшира аҽны", - иҳәоит аҳҭнықалақь ахада Алан Кочиев.

Ари ареспубликаҿы иреиҳау амҩадуқәа ируакуп. Иара убасгьы Цхинвал иҟоуп Владимир Путин ихьӡ зху абжьаларҭа.

Ажәабжьқәа зегьы
0