Нобель иԥхьахә алитературазы изауз рыӡбахә ҳәоуп

© AFP 2023 / JONATHAN NACKSTRANDНобель иԥхьахә алитературазы изауз рыӡбахә ҳәоуп
Нобель иԥхьахә алитературазы изауз рыӡбахә ҳәоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2017 шықәса рзы Нобельтә Академиаҿ аҭыӡшәа ду ҟалеит, убри инамаданы аԥхьахәҭара 2019 шықәса рахь иахыгахеит. 2019 шықәса рзы аԥхьахә ранашьахеит ҩыџьа.

АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. 2018 шықәсазы алитератураз Нобель иаԥхьахә ланашьахеит ашәҟәыҩҩы Ольга Токарчук, 2019 шықәсазы алитератураз Нобель иаԥхьахә ианашьахеит австриатәи ашәҟәыҩҩы Петер Хандке.

Амедициназы Нобель иаԥхьахә зауз рыхьӡқәа рыларҳәеит - Sputnik Аҧсны
Амедициназы Нобель иаԥхьахә зауз рыхьӡқәа рыларҳәеит

Академиа, 1786 шықәса рзы акрал Густавом III ишьаҭаиркит ашвед бызшәеи алитературеи рыҿиара ацхырааразы. Альфред Нобель иҵыхәтәажәаҿы аиҿкаара анапы ианиҵеит аԥхьахә занашьатәу иалкаара. Академиа иалахәылацәоуп 18-ҩык. Урҭ рыԥсы ҭанаҵы Академиа ишалахәылацәоу иаанхароуп.

2017 шықәса рзы аԥхьахә ианашьан шьҭрала ииапонуаҩу британиатәи ашәҟәыҩҩ Кадзуо Исигуро.

Урыс бызшәала иҩуа рахьынтәи Нобель иаԥхьахә ранаршьахьан: Иван Бунин, Борис Пастернак, Михаил Шолохов, Александр Солженицын, Иосиф Бродски. 2015 шықәса рзы аԥхьахә лоуит Светлана Алексиевич.

Традициак аҳасабала ишышьақәгылоу еиԥш Нобель иаԥхьахә алауреатцәа аԥхьахә рыҭара ацеремониа мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 10 рзы, иара ашьаҭаркыҩ, швециатәи анаплакҩы Альфред Нобель (1833-1896) иԥсраҽны.

Ишьаҭаиркыз аԥхьахәқәа хәба рҟынтәи ԥшьба Стокгольм ирырҭоит. Аҭынчраз аԥхьахә заҭәашьоу Осло ирырҭоит.

2018 шықәсазы аԥхьахә иартәоит 9 миллионк швециатә крон (940 000 доллар).

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0