Аекономиказ Нобель иаԥхьахә роуит Абиџьит Банерџьи, Естер Диуфло, Маикл Кремер

© AP Photo / Fernando Vergara Золотая медаль Нобелевской премии
Золотая медаль Нобелевской премии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нобель иаԥхьахә азы аилак аӡбрала Индиа, Еиду аштатқәа, Франциа рҟынтәи аҟазауаа аӷарра иаҿагылан ақәԥара разнеишьа азгәаҭоуп ҳәа.

АҞӘА, жьҭаара 14 – Sputnik. Альфред Нобель игәалашәара иазку аекономиказ аԥхьахә 2019 шықәса рзы иранашьоуп: Абиџьит Банерџьи, Естер Диуфло, Маикл Кремер адунеиаҿ иҟоу аӷарра аҿагылашьа мҩақәа аус ахьрыдыруло азы.

Афизиказы Нобель иаԥхьахә роуит ҩыџьа аҵарауаа - Sputnik Аҧсны
Афизиказы Нобель иаԥхьахә роуит ҩыџьа аҵарауаа

Академиа, 1786 шықәса рзы акрал Густавом III ишьаҭаиркит ашвед бызшәеи алитературеи рыҿиара ацхырааразы. Альфред Нобель иҵыхәтәажәаҿы аиҿкаара анапы ианиҵеит аԥхьахә занашьатәу иалкаара. Академиа иалахәылацәоуп 18-ҩык. Урҭ рыԥсы ҭанаҵы Академиа ишалахәылацәоу иаанхароуп.

Традициак аҳасабала ишышьақәгылоу еиԥш Нобель иаԥхьахә алауреатцәа аԥхьахә рыҭара ацеремониа мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 10 рзы, иара ашьаҭаркыҩ, швециатәи анаплакҩы Альфред Нобель (1833-1896) иԥсраҽны.

Ишьаҭаиркыз аԥхьахәқәа хәба рҟынтәи ԥшьба Стокгольм ирырҭоит. Аҭынчраз аԥхьахә заҭәашьоу Осло ирырҭоит.

2019 шықәсазы аԥхьахә иартәоит 9 миллионк швециатә крон (940 000 доллар).

Ажәабжьқәа зегьы
0