Путин ипресс-конференциа ду мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынҷкәын 19 рзы

© Sputnik / Iliya Pitalev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ Владимир Путин во время ежегодной большой пресс-конференции в Центре международной торговли на Красной Пресне
Президент РФ Владимир Путин во время ежегодной большой пресс-конференции в Центре международной торговли на Красной Пресне - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Путин апресс-конференциа дуқәа мҩаԥигоит 2001 шықәса раахыс. Зегь раасҭа заамҭа дууз апресс-конференциа мҩаԥган 2008 шықәса рзы. Иара цон 4 сааҭки 40 минуҭи.

АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин апресс-конференциа дуқәа мҩаԥигоит 2001 шықәса раахыс. Сынтәатәи апресс-конференциа мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынҷкәын 19 рзы ҳәа аанацҳауеит Кремль асаит.

Ииасыз ашықәс аҟны апресс-конференциа мҩаԥысит ԥхынҷкәын 20 рзы. Иара ԥшь-сааҭк имҩаԥысуан.

Абри аформат ала раԥхьатәи апресс-конференциа мҩаԥган ԥхынгәы 18 2001 шықәса рзы. Иара иалахәын 400-ҩык ажурналистцәа.

Аҩбатәи апресс-конференциа мҩаԥган рашәара 24 2002 шықәса рзы.

Ахԥатәи мҩаԥган рашәара 20 2003 шықәса рзы, иара иалахәын 700-ҩык рҟынӡа ажурналистцәа. иааидкыланы 53 зҵаара рҭак ҟаҵан.

2006 шықәса рзы апресс-конференциа мҩаԥган Кремль, 3 сааҭки 26 минуҭи ицон. Ахада 140 зҵаара рҭак ҟаиҵеит.

Зегь раасҭа заамҭа дууз апресс-конференциа мҩаԥган 2008 шықәса рзы. Иара цон 4 сааҭки 40 минуҭи.

Ажәабжьқәа зегьы
0