Меган Маркл Британиа ду акралԥҳәыс лыҿцәажәара мап ацәылкит

Анапаҵаҩра
Британиа ду акралԥҳәыс Елизавета II ашәахьаҽны Сандрингемтәи ахан аҿы Виндзораа рҭаацәара рхаҭарнакцәа еизылгеит апринц Гарри иԥшәмаԥҳәыси ԥхьаҟатәи рлахьынҵа аӡбаразы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. Агерцогиниа Сассексктәи Меган Маркл Елизавета II лыҿцәажәара мап ацәылкит ҳәа аҩуеит Evening Standart.

Аҭыжьымҭа иазгәанаҭоит аханатә Канада иҟаз Меган Маркл ҭелла Виндзораа рҭаацәара реилацәажәара далахәхоит ҳәа.

"Аха Сассексаа агерцогиниа уи аиҿцәажәара лалахәхара хымԥадатәим ҳәа азырыԥхьаӡеит", - аҳәоит аҭыжьымҭа.

Апринц Гаррии Меган Маркли аҳәамҭа ҟарҵеит рхатәџьабаала инхаларц шырҭаху, акралҭаацәара рфинанстә ԥыжәарақәагьы мап рцәыркит. Дара ирыӡбит Аҩадатәи Америка инхаларц. Аханатә акралҭаацәара ари аӡбамҭа иақәшаҳаҭым.

Ажәабжьқәа зегьы
0