Урыстәылатәи ажурналистцәа ПАСЕ Sputnik Естониа иарҭо ақәыӷәӷәара атәы еиҭарҳәеит

© Sputnik / Вадим Анцупов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБлокнот с символикой информационного агентства Sputnik.
Блокнот с символикой информационного агентства Sputnik. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
МИА "Россия сегодня" анагӡаратә директор Кирилл Вышинскии Sputnik Естониа анапхгаҩы, ашеф-редактор Елена Черышевеи Страсбург, Европа Ахеилак Апарламенттә ассамблеиа асессиаҿы иқәгылеит урыстәылатәи ажурналистцәа Европа икҿацаланы ишрымоу атәы дырдырразы.

Sputnik

Урыстәылатәи ажурналистцәа ПАСЕ Sputnik Естониа иарҭо ақәыӷәӷәӷара атәы еиҭарҳәеит Sputnik акьаҿ ҩежьқәа рышәҵаны.

"Ҳара ҳкорпоративтә ԥшыхәшәқәа аҩежьи аиқәаҵәеи роуп. Издыруеит ара, Франциа, аҩежь ахатәы ассоциациақәа шцәырнаго, ахаҳара иаҳҭаху арҭ аԥшшәыхәқәа аҽакала ирыдыркыларц ауп", - иҳәеит аҳәынҭқарра аԥсахра ихараҵаны украинатәи абахҭаҿ шықәсык инеиҳаны изхызгаз Кирилл Вышински.

Урыстәыла ахада Владимир Путин есышықәсатәи ипресс-конференциа - Sputnik Аҧсны
Путин Sputnik Естониа аҭагылазаашьазы: аиаша иахьацәшәо аҭыԥқәа рҟны аус улатәуп

ПАСЕ аӡынтәи асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны иалацәажәан британиатәи аделегат, алорд Џьорџь Фоулкс иазирхиаз ажәахә "АИХ рхақәиҭра ашәарҭарақәеи Европа ажурналистцәа ршәарҭадареи". Абри адокумент аҿы Урыстәыла ахара адҵан ажурналистцәа ашьҭазаара рнаҭоит иаршәоит ҳәа, ПАСЕ ахь ааԥхьара ҟаҵан АИХ аусзуҩцәа рганахь ала ақәымчра апроблема ӡбазарц.

Кирилл Вышински иажәақәа рыла иареи Елена Черышевеи Урыстәыла аделегациа ааԥхьара ақәҿырҭит "аҭыԥ аҿы Европа иахьаҵанакуа урыстәылатәи ажурналистцәа ирзыҟарҵо ақәыӷәӷәареи уи аиашамреи адепутатцәа рҟынӡа инагазарц".

Кирилл Вышински иазгәеиҭеит урыстәылатәи ажурналистцәа арепрессиақәа шрыдҟарҵало Латвиа, Литва, Естониа, Польша, Германиа, Франциа, Великобританиа.

"Sputnik, МИА "Россия сегодня" рҟынтәи ҳколлегацәа иааиԥмырҟьаӡакәа акредитациақәа рзыҟарҵом, еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа рахь инарышьҭуам. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ақәмақаррахьгьы ииасхьеит, ашьаусшьҭазаарагьы абрахь иналаҵаны ауаа дара ирҭахыз аредакциа ахьалырхыз азы", - иҳәеит МИА "Россия сегодня" анагӡаратә директор.

"Сара, Sputnik Естониа анапхгаҩык иҳасаб ала иазысыԥхьаӡоит азакәандара аҭыԥ амоуп ҳәа. Европатәи тәылоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо Естониа ажәа ахақәиҭра амоуп ҳәа ҳәашьа амам. Сара исҳәоит уа ацензура аҳра ауеит ҳәа, уи уа азин шыҟамгьы", - лҳәеит Елена Черышева.

Дмитрий Киселев - Sputnik Аҧсны
Киселиов Sputnik Естониа дадгыло, афлешмоб ихы алаирхәит

Sputnik Естониа ахада инаҵшьны иазгәалҭеит аофициалтә мчрақәа иҟоу аҭагылазаашьа рыбжьы шақәыдмырго. Убри аан Sputnik Естониа аусзуҩцәа реиҳараҩык иара иатәылауаауп.

"Сара исылшо зегь ҟасҵалоит Кирилл Вышински, сколлегацәа, Урыстәыла сыцырхырааны европаа иахьазы Естониа иҟоу аҭагылазаашьа дырдырразы", - азгәалҭеит Черышева.

Sputnik Естониа аҭагылазаашьа хрестоматиатә ҿырԥштәхеит абри атәылаҿы ажурналистцәа ишрызныҟәо азы ҳәа иҳәеит ПАСЕ иҟаз урыстәылатәи аделегациа алахәыла, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума аилак ахантәаҩы Леонид Слуцки.

"Апроблема аӡбаразы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аус аауеит. Сара, Естониа, Таллинн аофис ҭацәы акгьы сымҳәо сыҩнатәар иашам. Аҭагылазаашьа ауаа ираҳарц иуҳәалароуп. Сгәыӷуеит ахшыҩ аԥыжәара аиуп ҳәа, Естониа ма апроблема алацәажәара иақәшаҳаҭхап ҳәа. Уажәазы уатәи амчрақәа иарбанызаалак шьаҿак аҟаҵара иақәшаҳаҭым. Ус шакәугьы сгәыӷуеит рыгха азхарҵап ҳәа", - лҳәоит Черышева.

Елена Черышевеи Кирилл Вышинскии Страсбург иара убасгьы илԥылеит ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европа Ахеилак акомиссар Дуниа Мииатович. Лара лнараҿы илырҭеит Sputnik Естониа аҭагылазаашьа аазырԥшуа ашәҟәы.

2019 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Владимир Путин, Sputnik Естониа аҭагылазаашьа ахҳәаа аҭо иҳәеит Sputnik ахьыҟоу зегьы адгылара шарҭало.

Жәларбжьаратәи аиҿкаара "Иҳәаадоу арепортиорцәа" (RSF) МИА "Россия сегодня" иазеиҭарҳәеит аиҿкаара Естониа урыстәылатәи АИХқәа ишрызныҟәо ҭаҳҵаауеит ҳәа.

МИА "Россия сегодня" аҳәара ҟанаҵоит Sputnik Естониа аганахь ала адискриминациатә политика аанкылазарц, иахәҭоу ахәшьарагьы аҭазарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0