Шәача ибжьаӡыз ашколхәыҷқәа авертолиот ала ирыԥшаауан

© Foto / МЧС РАВертолет МЧС Абхазии производит облет территории
Вертолет МЧС Абхазии производит облет территории  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 25 рзы Шәача ақалақь Лазаревское араион аҿтәи аӡиас Ԥсезуаԥсе ирсуаз 13-15 шықәса зхыҵуаз ҩыџьа ашколхәыҷқәа аӡы иагеит.

АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Ԥшьымшуп Шәача иахьаҵанакуа ибжьаӡыз ашколхәыҷқәа рыԥшаара иаҿуижьҭеи. Аха аԥшаарақәа макьаназы лҵшәа рымам.

260-ҩык аԥшааҩцәеи аволонтиорцәеи Шәача аӡы иагаз ашколхәыҷқәа рыԥшаара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
260-ҩык аԥшааҩцәеи аволонтиорцәеи Шәача аӡы иагаз ашколхәыҷқәа рыԥшаара иаҿуп

"Жәабран 25 рзы Шәача ақалақь Лазаревское араион аҿтәи аӡиас Ԥсезуаԥсе ирсуаз 13-15 шықәса зхыҵуаз ҩыџьа ашколхәыҷқәа аӡы иагеит. Урыстәыла АҶА авертолиот Ка-32 аӡы иагаз ашколхәыҷқәа рыԥшаара иадрыԥхьалеит. Амшын акваториа амониторинг азун аҳауаҟынтә. Аԥшаарақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҿы агәыԥқәа рҽеидкыланы аус руеит", - аҳәоит РИА Новости адырраҭараҿы.

Аиқәырхаҩцәа ринформациала амшын ихылеит аԥшааратә катергьы. Уаанӡа, 4-5 балл иҟоу амшынцәқәырԥараан амшын агәаҿы аԥшаарақәа рымҩаԥгара алшомызт. Аԥшаарақәа ирыдыԥхьалоуп 260 еиқәырхаҩцәа, аполициеи Росгвардиеи рхаҭарнакцәа, аволонтиорцәа.

Апрокуратуреи аусҭҵааратә еилаки ахәыҷқәа рыӡра афакт аганахьала заанаҵтәи аусҭҵаара мҩаԥнагоит.

Убри аан жәабран 28 рзы Шәача амшцәгьа ҟалоит ҳәа азгәарҭоит аметеорологцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0