АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа идиныҳәалеит Аԥсны ахадас иалхра ҳәа аанацҳауеит Кремль асаит.
"Ажәлар ргәаҳәара аарԥшра зманы имҩаԥгаз алхрақәа рҟны аиааира ахьыжәгаз иаршаҳаҭуеит шәџьынџьуаа рҟны аҳаҭыр ду шшәымоу", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Путин иазгәеиҭеит Бжьаниа аус ицура дшазыхиоу "Аԥсныи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы рырӷәӷәара аганахьала".
"Сақәгәыӷуеит шәара аҳәынҭқарра аиҳабык иҳасаб ала шәусура Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара аиқәыршәара, жәларбжьаратәи аренаҿы шәтәыла аинтересқәа рыхьчара ирызкхап ҳәа", - аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы атекст аҟны.
Аԥсны АКХ заанаҵтәи, хәажәкыра 23 азтәи адыррақәа рыла, аԥыжәара иоуит Аслан Бжьаниа (56,5%), анаҩс дцоит Адгәыр Арӡынба (35,42%), уи инаҩс - Леонид Ӡаԥшьба (2,22%).
Бжьаниа иоппонентцәа ииааира азхаҵаны идырныҳәалеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны ААР: алхрақәа рышьҭахьтә аамҭаз зинеилагарак аҭыԥ амамызт
- Валери Бганбеи Аслан Бжьаниеи аиԥылара рыман