Урыстәыла 65 шықәса иреиҳау, ахьҭа злалан иҟоу зегьы атестқәа ирыхрыжьуеит

© Fotolia / BillionPhotos.comШприц и ампула в руках медика
Шприц и ампула в руках медика  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апортал стопкоронавирус.рф, адыррақәа рыла иахьазы Урыстәыла коронавирус змоу ҳәа ишьоуп 2337-ҩык. 17-ҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит.

АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Урыстәыла асанитартә ҳақьым хада Анна Попова агубернаторцәа рнапы ианылҵеит 65 шықәса иреиҳау, ахьҭа злалан иҟоу зегьы атестқәа ирыхрыжьырц.

Абри азы ақәҵара кьыԥхьуп азинтә информациа аинтернет-портал аҿы.

"Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа рмаҵзурауаа еиҿыркаароуп: алаборатортә ҭҵаара COVID-19 амазааразы абарҭ ахаҿқәа рганахь ала: 65 шықәса иреиҳау, ахьҭа ҳалалеит ҳәа ахәышәтәырҭа иадҵаалаз", - аҳәоит адокумент аҿы.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, Урыстәыла аус адулара алдыршеит акоронавирус COVID-19 ҭызҵаауа атест ҿыц, иара аклиникатә ԥышәара иахрыжьхьеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0