Ҭырқәтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Сулеиман Соилу инапынҵақәа шьҭеиҵеит

© Sputnik / Эрай Эркылыч / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМинистр внутренних дел Турецкой Республики Сулейман Сойлу
Министр внутренних дел Турецкой Республики Сулейман Сойлу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иӡбара акритика анаҭеит аоппозициатә партиа – акоронавирус алаҵәарахь икылнагеит ҳәа ахҳәааны.

АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Ҭырқәтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Сулеиман Соилу инапынҵақәа шьҭеиҵеит атәылаҿ 48-тәи акоменданттә сааҭ алагалара ашьҭахь изыҟаҵаз акритика инамаданы. Иалагалаз аԥкырақәа рышьҭахь ауааԥсыра массала афатә-ажәтә раахәара иалагеит.

"Апандемиа аламырҵәаразы акомеданттә сааҭ алагалара сара сыӡброуп. Сара соуп аҭакԥхықәра зду уи ахҟьа-ԥҟьақәа рзы. Сара цәгьара ҟасҵарц сҭахымызт. Снапынҵақәа шьҭасҵоит", - иҳәеит Соилу Twitter аҿы.

Акоменданттә сааҭ алагалахоит ҳәа адырра ҟаҵан ахәашаҽны. Ҭырқәтәыла арегионқәа 331 рҟны ирылаҳәан асабшеи амҽышеи ауааԥсыра рыҩнқәа аанрыжьыр шыҟамло азы. Аха авирус массала аламырҵәара иазкыз аумҭа еиҳагьы ауаа еизнагеит – ауаа адәқьанқәа рахь идәықәлеит афатә-ажәтә аахәаразы.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иӡбара акритика анаҭеит аоппозициатә партиа – акоронавирус алаҵәарахь икылнагеит ҳәа ахҳәааны.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа рзы аҵыхәтәантәи адыррақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0