Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла ачымазара змаз рхыԥхьаӡара 16 процент рыла ишьҭыҵит

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование на коронавирус в Забайкалье
Тестирование на коронавирус в Забайкалье - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла иахьаҵанакуа ашәҟәы иҭагалоуп 24 490-ҩык акоронавирустә ҿкы зкыз ауааԥсыра. Авирус азгәаҭоуп 82 регион рҟны.

АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Урыстәыла аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 3388 ҭыс ашәҟәы иҭагалоуп. Урҭ рҟынтәи 28 ԥсыҭбара ҟалеит. Абри атәы аанацҳауеит стопкоронавирус.рф. асаит. Абас ала уахыки-ҽнаки ирылагӡаны 16,1% рыла ишьҭыҵит ачымазара зауз рхыԥхьаӡара.

Иара убри аан абри аамҭала 224-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит. Зынӡаск рыԥсҭазаара иалҵхьеит 198-ҩык, ргәабзиара шьақәгылеит 1986–ҩык.

Реиҳараҩык қәрала 45 шықәса иреиҵоуп.

Москва мшаԥы 13 инаркны аушьҭратә система алагалоуп.

Мшаԥымза нҵәаанӡа акарантин аус ауеит. Ауааԥсыра ирыҳәоит хырԥашьа змам уск анрымоу ада рыҩнқәа ирдәылымҵларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа рзы аҵыхәтәантәи адыррақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0