Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 8 863 коронавирустә хҭыс ҿыц аарԥшуп

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосква во время режима самоизоляции жителей
Москва во время режима самоизоляции жителей - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла иахьаҵанакуа 423 741-ҩык акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит арегионқәа 85 рыҟны.

АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла иаарԥшын 8 863 коронавирустә хҭыс ҿыц 84 регион рыҟны ҳәа аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы аоперативтә штаб.

Иаарԥшыз апациентцәа рахьтә 41,9% ачымазара шрылоу рызгәамҭакәа имҩасуан.

Уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус змаз 182-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара шьақәгылеит 11 108-ҩык. Апандемиа ааҟалеижьҭеи Урыстәыла иахьаҵанакуа 5 037-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара ҭышәынтәалеит 186 985-ҩык.

Москва уахыки-ҽнаки рыла иаарԥшуп 2 286 хҭыс ҿыц. Акоронавирус змоу реиҳараҩык рықәра 45 шықәса еиҵоуп. Москва иахьаҵанакуа зынӡа 185 374-ҩык акоронавирус рымоуп.

Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит 28-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 26-ҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0