Урыстәыла иазгәаҭоуп 7 790 коронавирустә хҭыс ҿыц

© Sputnik / Павел Кононов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛаборатория для тестирования на коронавирус в Архангельской области
Лаборатория для тестирования на коронавирус в Архангельской области - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла 85 регион рҿы акоронавирус рыдбалоуп 561 091-ҩык. Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәылатәи Афедерациаҿ 182-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара шьақәгылеит 9 621-ҩык. Апандемиа аамҭа иалагӡаны рыԥсҭазаара иалҵит 7 660-ҩык, ргәы бзиахеит 313 963-ҩык.

АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа Урыстәыла 7 790 COVID-19 хҭыс ҿыц аҭыԥ рыман ҳәа адырра ҟанаҵоит Москва аоперативтә штаб. Иаарԥшу рҟынтәи 31,5% ачымазара аклиникатә ҟазшьақәа рымамызт.

Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәылатәи Афедерациаҿ 182-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара шьақәгылеит 9 621-ҩык. Апандемиа аамҭа иалагӡаны рыԥсҭазаара иалҵит 7 660-ҩык, ргәы бзиахеит 313 963-ҩык.

Агәабзиарахьчаразы Адунеизегьтәи аиҿкаара адыррақәа рыла, адунеи аҿы 7,9 миллионҩык акоронавирус рцәа иалоуп, 434-нызқьҩык инарзынаԥшуа рыԥсҭазаара иалҵит.

Аԥсны иахьатәи аамҭазы авирус рыдырбалахьеит 38-ҩык. Жәаҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп, 27-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Ажәабжьқәа зегьы
0