Адунеи аҿы акоронавирус змоу рхыԥхьаӡара 18 миллионҩык ирхысит

© Совет Федерации РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСенаторы Совета Федерации проходят тестирование на коронавирус
Сенаторы Совета Федерации проходят тестирование на коронавирус - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара хәажәкыра 11 рзы акоронавирустә инфекциа ҿыц COVID-19 пандемиоуп ҳәа ахырҳәааит.

АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Џьонс Хопкинс иуниверситет адыррақәа рыла адунеи аҿы акоронавирус змоу рхыԥхьаӡара 18 миллионҩык ирхысит.

Аԥхьаӡарақәа мҩаԥысуеит афедералтәи аҭыԥантәи амчрақәа рдыррақәеи АИХ рдыррақәеи еилаҵаны.

Нанҳәа 3 асааҭ 08:00 инақәыршәаны акоронавирус змоу рхыԥхьаӡара 18 019 472-ҩык ыҟоуп, иԥсхьеит 689 347-ҩык COVID-19 змаз, ргәабзиара шьақәгылеит -10 649 111-ҩык.

Аԥсны авирус рыдырбалахьеит 98-ҩык, ргәы бзиахеит 37-ҩык, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0