Шәгәы бзиаз: Гагра аллергиа змоу рыԥсшьараз иреиӷьу қалақьуп

© Sputnik / Томас ТхайцукКолоннада в Гагре
Колоннада в Гагре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсшьараз анхарҭаҭыԥқәа ахьҿарҵо амаҵзура Tvil.ru асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа рыбжьара аҭҵаара мҩаԥнагеит аллергиа змоу рыԥсшьарҭа ахьеиӷьу аилкааразы.

АҞӘА, нанҳәа 3 - Sputnik. Гагра аллергиа змоу рыԥсшьараз иреиӷьу ақалақьқәа жәаба ирылашәеит. Аԥснытәи акурорт иреиӷьыз аԥхьатәи ахәба ирылашәеит асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа рыӡыбрала.

Аԥсшьараз анхарҭаҭыԥқәа ахьҿарҵо амаҵзура Tvil.ru асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа рыбжьара аҭҵаара апроцентқәа инарықәыршәаны абасеиԥш еихшеит:

  • Евпаториа, 19,44%
  • Пиатигорск, 16,67%
  • Алушта, 12,5%
  • Гагра, 12,5%
  • Коктебель, 9,72%
  • Шәача, 8,33%
  • Гориачи Клиуч, 6,94%
  • Архипо-Осиповка, 5,56%
  • Ингушетиа, 5,56%
  • Саки, 2,78%

Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аадыртит нанҳәа 1 азы. Нанҳәа 2 асааҭ 08:00 рзы аҳәаа иахысхьан 7,5 нызқьҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0