COVID-19 аҟынтәи алаҵа ацәгьареи абзиареи ирылацәажәеит

© Foto / РФПИ и Центр имени Гамалеи / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПервая в мире вакцина от коронавируса
Первая в мире вакцина от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи аҟны акоронавирус иаҿагылоу раԥхьатәи алаҵа Урыстәыла иҭыжьуп. "Спутник V" – авектортә ҟазшьа змоу препаратуп.

АҞӘА, цәыббра 24 – Sputnik. Адунеи зегьы аҿы аус здыруло COVID-19 аҟынтәи алаҵа хә-технологиатә платформак рҟны аус адырулоит. Дара зегьы хазы-хазы аԥыжәарақәа рымоуп, агхақәа шрымоу еиԥш. абри атәы РИА Новости иазеиҭарҳәеит Роспотребнадзор апресс-маҵзураҿы.

Апрепарат ахкқәа:

  • иаку;
  • авирус ҟазшьа змоу ашьаҭалатә;
  • РНКи ДНКи лаҵақәа;
  • Авектортәқәа;
  • иԥсыҽуи иактивуи.

Аиҳарак — иаку роуп. Дара "атехнологиатә шәарҭадара" рымоуп, аус рыдулараан зыԥсы ҭоу авирус ахы иахьархәамыз азы.

Вакцину Спутник V выпустили в гражданский оборот. Кого привьют первыми? - Sputnik Аҧсны
Аԥсны COVID-19 аҟынтә Урыстәылатәи алаҵа аахәаразы аҳәара ҟанаҵеит

Апрепарат иалоу авирустә хӡы ауп. Аха инагӡаҵәҟьоу аиммунитет ашьақәыргыларазы арҭ алаҵақәа изныкымкәа иҟаҵатәхоит ҳәа рҳәоит Роспотребнадзор аҿы.

Авирус еиԥшу ахәҭақәа рыла ишьақәгылоу алаҵақәагьы авирустә хӡы алоуп ишышьақәгылоу, ишәарҭаӡам, аха дара рҭыжьра массала аларҵәаразы аԥаразоужьра ду аҭахуп.

ДНКи РНКи лаҵақәа еиҳа имариоу ҳәа ишьоуп, аха агенетикатә материал ахац аҩныҵҟа анашьҭра атехнологиа инагӡаны аус адулам, убри азы макьаназы аклиникатә ԥышәараҿы ахархәара амам.

"Имаҷымкәа алаҵахкқәа аус рыдулараан ахархәара рыман зҽеиҩызшо авирустә вектори зҽеиҩызымшо авирустә вектори. Арҭ алаҵа хкқәа рҭыжьра атехнологиа еиԥшуп: авирустә вектор агеном иаларгалоит даҽа вируск ахац акод", - еиҭарҳәеит аусбарҭаҿы.

Арҭ рҩызцәа алаҵақәа рхархәара ԥынгылас ирымоу ауаҩы ицәеижь аҿы авирустә вектор ахь ацәеижьҿагылара аҟазаароуп. Убри аан аиммунтә ҭак ҟамлар ауеит ҳәа азгәарҭеит Роспотребнадзор аҿы.

Вакцинация добровольцев против COVID-19 в Москве - Sputnik Аҧсны
Аҳақьым акоронавирус азы алаҵа ианымаало ачымазарақәа рыӡбахә иҳәеит

Зыԥсы ҭоу, иԥсыҽу алаҵақәа классикатә технологиатә платформақәоуп, егьырҭ раасҭагьы ахархәара рымоуп. Аинактивациа зызуу апрепарат зыԥсы ҭам авирусқәа рыла ишьақәгылоуп, убри азы акраамҭатәи аиммуннитет аиуразы изныкымкәа адкылара аҭахуп. Зыԥсы ҭоу, иԥсыҽу авирусқәа злоу апрепарат зныктәи адкылара азхоит, аха иҟоуп ашәарҭа иԥсыҽу авирус шьҭахьҟа игьежьны ачымазара арҿиоит ҳәа.

Гамалеиа ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рмилаҭтә ҭҵааратә центр аҿы акоронавирус COVID-19 аҟынтәи раԥхьатәи алаҵа "Спутник V" аус адуланы ашәҟәы иҭагалан.

Урыстәыла иара убасгьы аус рыдырулоит аҽа ԥшь-лаҵак ацентр "Вектор", Чумаков и-Центр, китаитәи Sinopharm, англо-шведтәи AstraZeneca рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0