Молдавиа ахада иалхрақәа рҿы аоппозициаҟынтәи акандидат Маиа Санду аиааира лгеит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВторой тур выборов президента Молдавии
Второй тур выборов президента Молдавии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Молдавиа ахада иалхразы аҩбатәи атур аан ркандидатурақәа ықәгылан иахьатәи ахада Игор Додони апартиа "Действие и солидарность" ахада Маиа Сандуи.

АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik. Молдавиа уаанӡатәи аԥыза-министр, апартиа "Действие и солидарность" аԥхьагыла Маиа Санду аԥыжәара лгеит ареспубликаҿы имҩаԥысуаз алхрақәа аҩбатәи ртур аҟны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, атәыла АКХ адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Санду 56,28% алхыҩцәа рыбжьы лоуит 100% протокол алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы аус анрыдырула ашьахь ҳәа азгәанаҭоит АКХ.

Амҽыша, абҵара 15 рзы Молдавиа ауааԥсыра ԥшьышықәса ҳәа атәыла ахада далырхит. Молдавиа ахада иалхразы аҩбатәи атур аан ркандидатурақәа ықәгылан иахьатәи ахада Игор Додони апартиа "Действие и солидарность" ахада Маиа Сандуи.

Молдавиа АКХ атәыла аҩнуҵҟа алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы рҿы аус рыдырулеит абжьыҭаратә бӷьыцқәа. Санду 56,28% абжьы лымоуп, Додон - 43,72%.

Иааидкыланы аус рыдулоуп 98,69% абжьыҭаратә бӷьыцқәа. Аԥхьаӡарақәа макьанагь имҩаԥысуеит Еиду аштатқәеи Канадеи.

Молдавиа азакәанԥҵара инақәыршәаны иаиааиз ҳәа дшьоуп алхыҩцәа рыбжьқәа рыбжеиҳарак зауз.

Ажәабжьқәа зегьы
0