Андреи Стенин ихьӡ зху аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдкылара иалагеит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЦеремония объявления победителей VI Международного конкурса фотожурналистики имени Андрея Стенина 2020 года
Церемония объявления победителей VI Международного конкурса фотожурналистики имени Андрея Стенина 2020 года - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиндаҭлара 2021 шықәса рзы аԥхьахәтә фонд иартәоит 125, 100, 75 нызқь мааҭ актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аҭыԥқәа рзы. "Гран-при" иартәоит 700 000 мааҭ, реиҳа аинтерес зҵоу аусумҭа ианашьахоит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik. Андреи Стенин ихьӡ зху абыжьбатәи Жәларбжьаратәи ажурналистцәа рфотоеицлабра арзаҳалқәа аднакыло иалагеит.

Выставка победителей конкурса им. Андрея Стенина в Вэйхае - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху аконкурс алауреатцәа русумҭақәа Буенос-Аирес ицәыргақәҵан

Традициак аҳасабала, амедиагәыԥ "Россия сегодня" афотокорреспондент Андреи Стенин имшира аҽны ихацыркхоит арзаҳалқәа рыдкылара аусмҩаԥгатә.

Аиндаҭлара иалахәхар рылшоит 18 шықәса инаркны 33 шықәса рҟынӡа зхыҵуа. Аиндаҭлара рылахәразы азыҳәақәа рыдкылашьа атәы арбоуп асаит stenincontest.ru аҟны.

Аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдыркылоит аноминациақәа ԥшьба рыла: "Моя планета", "Портрет. Герой нашего времени", "Главные новости", "Спорт". 2019 шықәса рзы арҭ аԥшьба ирыцлеит ахәбатәи аноминациа: "Вдохновение". Арзаҳалқәа рыдыркылалоит 2021 шықәса жәабранмза 28 рҟынӡа.

Афотоҭыхыҩцәа ҿарацәа рзы аҵакы аманы иҟалоит урыстәылатәии Европа, Азиа, Латынтәи Америка, Африка, Мрагылара Ааигәа реиԥш иҟоу жәларбжьаратәии аплошьчадкақәа рҿы ахаарԥшра ахьрылшо

2018 шықәса раахыс арахь иаҵанакуеит ООН Ниу-Иорктәи аштаб-квартирагьы. 2019 шықәса раахыс ацәыргақәҵақәа мҩаԥыргоит Европа Ахеилак аҿы, Страсбург.

"Аиндаҭлара изаамҭанытәиу ашықәс азы амҩаԥгара аусумҭа ҿыцқәа, ахьыӡ ҿыцқәа раарԥшроуп иззырхоу. Уи гәахәароуп. Сынтәа, COVID-19 апандемиа аамҭазы аиндаҭлара амҩаԥгара асимволтә ҵакгьы амоуп. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа ауаа рхәыцра, ргәаанагара, рдунеихәаԥшышьа рыԥсахыр алшоит. Ҳара ҳақәгәыӷуеит аусумҭа ҿыцқәа, атема ҿыцқәа цәырҵып ҳәа",- азгәалҭеит Стенин ихьӡ зху афотокорреспондентцәа ҿарацәа Жәларбжьаратәи реиндаҭлара анапхгаҩы Оксана Олеиник.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра.

Аконкурс – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0