Аус шԥауеи Сорос ифонд: Молдова аԥышәа

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДенежные купюры США и монеты номиналом один и десять рублей.
Денежные купюры США и монеты номиналом один и десять рублей. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мраҭашәаратәи аструктурақәа аԥара ззоурыжьуа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа Асовет еидгылашьҭахьтә ҵакыраҿы рхы иадырхәоит ҩ-хырхарҭакны анырра аҟаҵаразы - ирҟәымшәышәуи ирымҽыӷуи ҳәа азиԥхьаӡоит молдавиатәи Апарламент алахәыла Богдан Цырдиа.

Sputnik

Уаанӡатәи асовет республикақәа зегьы рҿы уашьклаԥшыр ауеит иҳәынҭқарратәым мраҭашәаратәи аиҿкаарақәа иҟарҵо анырра. Асоциалистцәа рпартиаҟынтәи адепутат Богдан Цырдиа уи агәраганы дыҟоуп. Арҭ аструктурақәа аус шыруеи иҟарҵарц ирҭахуи ртәы далацәажәеит иара Sputnik аҟны.

Фактла ишьақәырӷәӷәалатәуп

Сорос ифонди Конрад Аденауер ифонди аԥара рзоурыжьуеит молдавиатәи НПОқәак ҳәа иҳәоит Богдан Цырдиа. Арҭ иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа русура рыспонсорцәа ринтересқәа ирықәшәо ишьақәдыргылоит, аполитикатә интересқәагьы абрахь иналаҵаны. Аполитик игәаанагара шьақәирӷәӷәоит 1,5 нызқь зхьарԥш рыла ишәҟәы "Гражданское общество Молдовы: Спонсоры. НПО-кратия. Культурные войны" аҿы.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Госдеп агәаҳәара

"Молдав бызшәала ашәҟәы анҭыҵ ашьҭахь (урыс бызшәала иҭыҵраны иҟоуп 2021 шықәса рзы) иаразнакы ақәҿыҭра аиуит. Иаразнакы уи азхьаԥшра аиҭеит Молдова иҟоу Евроеидгыла амиссиа ахада Петер Михалко, нас – Голландиа ацҳаражәҳәаҩи Сорос ифонди", - еиҭеиҳәоит иара.

Богдан Цырдиа ишәҟәы 759 даҟьа амоуп. Иҭыҵит жьҭаара 21 рзы. Иара убри аухаҵәҟьа Сорос ифонд "Молдова аграждантә еилазаара иаҿагылоу" ҳәа абжьы ақәнаргеит.

"Ишырҳәо аиԥш: "Самыԥхьацт, аха салацәажәоит". Сусумҭа ахара адырҵеит адемократиа ҵнашәаауеит ҳәа, европатәи адунеизнеишьа иаҿагылоит ҳәа. Афонд уи аҟара ажәа ахақәиҭра иазықәԥозар, аԥхьа ашәҟәы изаламцәажәари, изамыԥхьари? Иаҳәо зегьы мцны ишәшьозар, ара 1519 зхьаԥшреи 600 хыҵхырҭеи ыҟоуп, алацәажәарагьы сазыхиоуп", - ҳәа иҳәоит Богдан Цырдиа.

Убри аан соппонентцәа ари аҭак ҳәа акгьы рзыҟамҵеит ҳәа азгәеиҭоит адепутат.

"Аԥхьа НПО ҳара ацифрақәа ишаҳҭаху ҳхы иаҳархәошәа рҳәон. Усҟан сара апресс-конференциаҿ рфинанстә ҳасабырбақәа рскриншотқәа цәырызгеит. Ҳәарада ари афакт акгьы рзахымҳәааит, сышәҟәы аӡәы иԥырхагоушәа инахыга-аахыганы акы рҳәақәеит акәымзар", - ҳәа еиҭеиҳәоит автор.

Аусура ахырхарҭа

Уаанӡатәи Асовет еидгыла аҵакыраҿы инхо ауаа рхы иҭаргалоит: иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа аграждантә еилазаара ракәны иҟоуп ҳәа. Аха уи ус акәым ҳәа ишьоит Богдан Цырдиа. Анҭыҵынтәи аԥара ззаарышьҭуа аиҿкаарақәаалокалтә проблемақәа хьааны ирымам, рыспонсорцәа ринтересқәа роуп ирзыхадоу.

"Иаагап ҿырԥштәыс Молдова. Иарбан проблемақәоу НПО ара ишьҭырхуа? Арадикалтә феминизм, аиувеналтә иустициа, адемократизациа – уигьы дара ишеилыркаауа аиԥш. Ари ҳара ҳапроблемақәа ирзалоузеи? Ҳара иҳапроблемоу аӷарра, акоррупциа, аусурҭа аҟамзаара роуп. Ҳтәылауаа ахԥатәи рыхәҭа аҳәаанырцәҟа усура ҳәа иқәҵхьеит", - ҳәа еиқәиԥхьаӡоит автор.

Мраҭашәаратәи афондқәа русура ажәаҿы ахықәкы бзиаӡақәа рымоуп, аха аԥсҭазаараҿы зынӡа иҽакхоит.

"Дара акала аҭагылазаашьа еиҭаркуам. Шәрыхәаԥш молдавиатәи НПОқәа рбиуџьет. Миллионла адолларқәа. Убри аан аҵараз абиуџьет, еиҳа ихадоу шакәугьы, акырӡа илаҟәуп. Европатәи аструктурақәа бзиа ирбоит Молдова аԥара аҳҭоит ҳәа аҳәара. Аха иабаҟоу аԥарақәа? Аиустициа ареформа иазоужьу 100 миллион евро рҟынтәи ахархәара зҭоу 10 роуп", - иҳәоит иара.

Мраҭашәаратәи аекспертцәа Путин Мраҭашәара ицеилазыжьуа рыӡбахә рҳәеит - Sputnik Аҧсны
Мраҭашәаратәи аекспертцәа Путин "Мраҭашәара ицеилазыжьуа" рыӡбахә рҳәеит

Сорос ифонд аԥара ззоунажьуа аиҿкаарақәа зехьынџьара еиԥшны рхы мҩаԥыргоит, русушьагьы еиԥшуп ҳәа иԥхьаӡоит Богдан Цырдиа.

"Ҿырԥштәык аҳасаб ала: Сорос ифонд аамҭак ала зехьынџьара еиццәырҵит. Аԥхьа аҭоурых иазку ашәҟәқәа аԥара рзоурыжьуа иалагеит. Нас агранттә проектқәа аадыртит. Иззы? Аҿар адрыԥхьаларц. Асеминарқәеи аҭҵаарақәеи рымҩаԥгарахьы инарыԥхьон, ауаагьы рхаҭақәа ирзымдыруа рҳәынҭқаррақәа рзы аинформациа рырҭон. Ари аӡәгьы дашьҭаԥшуамызт, избанзар 1990-тәи ашықәсқәа раан зегь хуаадан азы", - ҳәа иҳәоит аполитик.

Аԥхьа русура дырҟәымшәышәуеит. Иаадыртуеит афонд, иаԥырҵоит НПО, иккомерциатәым аиҿкаарақәа, нас – егьырҭ аструктурақәагьы аԥара рзоурыжьуа иалагоит. Аха урҭ атәыла аинтересқәа ракәӡам ирыхьчо, рыспонсор иинтересқәа роуп ҳәа иҳәоит аполитик.

Богдан Цырдиа ҿырԥштәык аҳасаб ала Ермантәыла ааигоит. Уа Никол Пашиниан ихаан амаҵура ҳаракқәа зауз зегьы Сорос иструктурақәа ирылҵыз роуп.

Афондқәа имҽыӷу рнырра ҳәа аполитик ишьоит Белоруссиа аҭагылазаашьа. "Мраҭашәара иаартны аоппозициа иадгылеит (Еврокомиссиа 24 миллион евро аграждантә еилазаара рыдгылараз азоужьра мап ацәнамкит). Сгәы иаанагоит Белоруссиа аҭыԥантәи афондқәа русура инарҵауланы аӡәгьы иҭимҵаац ҳәа. Ареволиуциақәа иаалырҟьаны иҟалаӡом, урҭ уаанӡа аҭыԥи аҭагылазаашьеи рыздырхиоит", - ҳәа иҳәоит Богдан Цырдиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0