Владимир Путин акоронавирус аҟынтәи аҩбатәи алаҵа ҟаиҵеит

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин поздравил граждан РФ с Днем защитника Отечества
Президент РФ В. Путин поздравил граждан РФ с Днем защитника Отечества - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин акоронавирус аҟынтәи ҩ-фазактәи алаҵа актәи адоза ҟаиҵеит хәажәкыра 23 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин коронавирус аҟынтәи ҩ-фазактәи алаҵа актәи адоза аныҟаиҵа ашьҭахь хымчыбжь ҵуаны аҩбатәи адозагьы ҟаиҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Аҳәамҭа ҟасҵар сҭахуп абрахь санааиуаз аламҭалазы аҩбатәи алаҵа шыҟасҵаз азы. Сгәыӷуеит зегь маншәалахап ҳәа. Агәыӷра акәым, агәрагара сымоуп", - иҳәеит иара РГО апрезидиум аҿы.

Путин акамерақәа рыда алаҵа ҟаиҵеит, ус иаҭахны иԥхьаӡеит.

Ахада иара убасгьы иҟаиҵаз алаҵа ахьӡ имҳәеит, уи здырырц зыхәҭоу аҳақьым заҵәык иоуп ҳәа азыԥхьаӡаны.

Иахьазы Урыстәыла ашәҟәы иҭагалоуп аҭыԥан иҟаҵоу акоронавирус аҟынтәи алаҵақәа хԥа: "Спутник V", "ЭпиВакКорона", "КовиВак".

Дара зегьы ҩ-компонентны ишьақәгылоуп. "Спутник V" аҩбатәи алаҵа ҟарҵоит хымчыбжь рышьҭахь. Иара убас ауп ишыҟарҵо "ЭпиВакКорона", алаҵа "КовиВак" ҩ-мчыбжьа бжьаҵаны алаҵақәа ҟарҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0