Москва ихацыркуп "Георгиевская ленточка" акциа

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкция "Георгиевская ленточка"
Акция Георгиевская ленточка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2021
Анапаҵаҩра
Акциа "Георгиевская ленточка" РИА Новости ажурналистцәа ираԥшьгамҭоуп, 2015 шықәса раахыс Урыстәылеи егьырҭ аҳәаанырцәтәылақәеи рҿы имҩаԥыргоит.

АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik. 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа Аиааира амш иазку акциа "Георгиевская ленточка" хацыркын Москва, аанацҳауеит РИА Новости.

Аволонтиорцәа 2005 шықәсазы традициак аҳасаб ала излагаз ари акциа ахьымҩаԥысыз "Россия сегодня" аштаб-квартира аҿаԥхьа аиааира асимолра зуа алентақәа ршара иалагеит.

Города России. Ялта - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2021
Ҟрым имҩаԥгахоит аибашьра ашәақәа рфестиваль "Иалтаҟа амҩа"

Акциа "Георгиевская ленточка" офлаин-формат ала имҩаԥысуеит.

Урыстәыла иахьаҵанакуа мшаԥы 27 инаркны лаҵара 9 рҟынӡа аволонтиорцәа уԥылоит. Акциа рҽаладырхәраны иҟоуп иааигәоуи ихароуи аҳәаанырцәтәылақәа.

Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнак Евгени Павлов иажәақәа рыла ареспубликаҿ мшаԥы 27 рзы иалагеит акциа "Георгиевская ленточка" амҩаԥгара, алентақәа ршон Аҟәа, амшын аԥшаҳәа иахьаԥну. Иара убасгьы изҭаху иоуеит алшара Россотрудничество ахь днеины алента игарц.

"Георгиевская ленточка-2021" иалагеит Москва, "Россия сегодня" амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциала. Уи иалахәын амедиагәыԥ "Россия сегодня" адиректор Дмитри Киселев, амедиагәыԥ "Россия сегодня" аредактор хада ихаҭыԥуаҩ Наталиа Лосева, Россотрудничество анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Павел Шевцов, урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара "Урыстәыла ԥсра зқәым архәҭа" аштаб хада ацхантәаҩ Сергей Макаров, аҿар рзы Афедералтә маҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Павел Абрамов, ВОД "Аиааира аволонтиорцәа" анапхгаҩы Ольга Амельченкова. Апресс-конференциаҿ алентақәа рыҭан Россотрудничество, ВОД "Аиааира аволонтиорцәа", "Урыстәыла ԥсра зқәым архәҭа" рхаҭарнакцәа рашәара 24 рзы имҩаԥысраны иҟоу аныҟәара алахәылацәа ирзыршарц.

"Иахьа иҟоуп адунеи аибашьрақәа реиҳа ишьаарҵәыраз иреиуоу аиҭакра, аҵакы аԥсахра зҭаху. Иахәҭаны иҟоуп афашизм адунеи ажәларқәа ацәызыхьчаз рфырхаҵара еиҭарҿыцны аҳәара. "Георгиевская ленточка" – ари урыстәылаа зегьы рзы символра зуа, иҭахаз раҳаҭыр иасимволуп", - иҳәеит Дмитри Киселев.

Апресс-конференциаҿы иӡырган афотошәҟәы "Память Победы. Хранить вечно". Аҭыжьымҭа арратә планшет асахьа аҭаны иҟаҵоуп. Еиднакылоит "Россия сегодня" шьаҭас иамоу Совинформбиуро архивтә материалқәа. Ашәҟәы еиҭанаҳәоит еицырдыруа арратә фотокорреспондентцәа рҭоурыхқәа.

Лопата - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2021
Аиааира Ду аламҭалаз акциа "Агәалашәара абаҳча" мҩаԥысит Аҟәа

Апресс-конференциа иалагаанӡа иара алахәылацәа идырбан адокументалтә ҭоурых "Неизвестный знаменосец", аформат VR-реконструкциа ала иаԥҵоу.

Акция "Георгиевская ленточка" РИА Новости ажурналистцәа ираԥшьгамҭоуп, 2015 шықәса раахыс Урыстәылеи егьырҭ аҳәаанырцәтәылақәеи рҿы имҩаԥыргоит, аредакциатә проект "Наша победа. День за днем" иацҵоу акы аҳасаб ала. Иара аҳәаақәа ирҭагӡаны Совинформбиуро афотосахьақәа ацифра иҵган, еизган аибашьра зкьысыз миллионҩыла ауаа рҭоурыхқәа.

2014 шықәсазы аԥшьгамҭа адгылара арҭеит Москва аиҳабыра, ауаажәларратә еиҿкаара "Студенческая община". 2015 шықәса раахыс Урыстәылеи егьырҭ аҳәаанырцәтәылақәеи рҿы имҩаԥыргоит, "Волонтёры Победы", Роспатриотцентр, Россотрудничество рволантиорцәа алархәны, "Россия сегодня" аинформациатә цхыраарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0