"Аиааира адиктант" 80 тәыла рҿы имҩаԥгахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукВ Сухуме прошел первый международный "Диктант Победы"
В Сухуме прошел первый международный Диктант Победы - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2021
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи акциа "Аиааира адиктант" Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рҟны Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҭоурых шырдыруа агәаҭара алнаршоит.

АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik. Россотрудничество адгыларала Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҭоурых иазку Жәларбжьаратәи акциа "Аиааира адиктант" мҩаԥгахоит мшаԥы 29 рзы 80 тәыла рҿы, Аԥсынгьы уахь иналаҵаны.

31 тәыла рҿы ауснагӡатә латәаратә формала имҩаԥгахоит.

Аҭыԥқәа зегьы рҿы асанитартә ԥҟарақәа ирықәныҟәалоит аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы.

2021 шықәсазы акциа ишалахәхо азы аҳәамҭа ҟарҵеит уаанӡа иалахәыламыз атәылақәа: Ливан, Шьамтәыла, Португалиа, Лиуксембург, Ефиопиа. Убри аан традициа ҳасабла адиктант рыҩуеит Аԥсны, Ермантәыла, Белоруссиа, Германиа, Египет, Киргизиа, Китаи, Молдова, Сербиа, Таџьикисҭан, Узбекисҭан, Ҭырқәтәыла.

Адиктант аҩра мҩаԥыргоит аҳәаанырцә иҟоу Урыстәыла аҩнқәа, ашколқәа, абиблиотекақәа, ауниверситетқәа, аклубқәа рҿы. Акциа аиҿкааразы ацхыраара ҟарҵоит "Аиааира аволонтиорцәа".

Традициала адиктант урысшәала имҩаԥыргон, аха сынтәа аус рыдулоуп англызи аурыси версиақәа.

Атест ахысра ҟалоит онлаин – акциа асаит диктантпобеды.рф, аҿы.

2020 шықәсазы Урыстәылеи 75 ҳәаанырцә тәылеи рҟны миллионҩык инареиҳаны иалахәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0