Ҭырқәтәыла "Спутник V" Урыстәыла иамнахәҳаит

© Sputnik / Владислав Воднев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраҬырқәтәыла "Спутник V" аанахәеит
Ҭырқәтәыла Спутник V аанахәеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирус ахҽразы иҟарҵо алаҵа "Спутник V" 2020 шықәса нанҳәамзазы адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭарҩыз лаҵахеит.

АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik. Ҭырқәтәыла "Спутник V" аанахәеит, иагьагәҭакуп Урыстәылеи атәи алаҵа аҭыжьра ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мевлиут Чавушоӷлы иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Ҭырқәтәыла агәабзиарахьчара аминистр исеиҳәеит урыстәылатәи рколлегацәеи дареи алаҵа "Спутник V" аицҭыжьразы аиқәшаҳаҭра шрыбжьарҵаз", - ҳәа иҳәеит иара.

Алаҵа "Спутник V" аԥҵоуп иҭҵаау, игәаҭоу ауаҩԥсы иаденовирустә вектор аплатформала. Иара иамоу аԥыжәарақәа иреиуоуп ашәарҭадара, хра аманы аҟазаара, акраамҭатәи ахҟьаԥҟьақәа рыҟамзаара ҳәа азгәарҭоит.

Алаҵа "Спутник V" 60 тәыла, иааизакны зуааԥсыра 1,5 миллиард иҟоу рҟны иазхаҵоуп. Алаҵа ашәарҭадареи хра аманы аҟазаареи 91,6% ишынаӡо атәы шьақәнарӷәӷәоит амедицинатә журнал The Lancet ианыз акьыԥхьымҭаҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0