Апроект "Ԥсра зқәым архәҭа онлаин" аибашьцәа 800 нызқьҩык ранкетақәа рыла ихаҭәааит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкция "Бессмертный полк" в городах России
Акция Бессмертный полк в городах России - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәса лаҵара 9 рзы "Ԥсра зқәым архәҭа" онлаин-формат ала имҩаԥгахоит. Аиҿкааҩцәа ирыгәҭакуп акциа атрадициатә формат ала рашәара 24 азы амҩаԥгара.

АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik. Апроект "Ԥсра зқәым архәҭа онлаин" ҩышықәса ирықәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Азыҳәақәа рыдкылара иалагеит ҩымчыбжь раԥхьа. Ари аамҭа иалагӡаны уаанӡатәи 2,5 миллион анкета ирыцлеит даҽа 800 000 анкета.

Акциа адгылара арҭеит ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз СССР жәлар рартист, Урыстәыла ԥсра зқәым архәҭа ацхантәаҩ Васили Семион-иԥа Лановои иԥшәмаԥҳәыс Ирина Купченко, Урыстәыла жәлар рартист Олег Газманов, атеатри акинои рактиор Игор Петренко, ашәаҳәаҩ Полина Гагарина.

Ҵыԥх архәҭа ддырбон 20 мшы инареиҳаны. Сынтәа арбарақәа еихшахоит регионла.

Азхьаԥшра ду аҭахоит акибершәарҭадара, иара убасгьы ироуа азыҳәақәа рхылаԥшра. Арратә цәгьоуцәа  архәҭатә колоннақәа ирыламшәарц аус руеит 12 000-ҩык амодераторцәа. Еизо аинформациа рацәа иахҟьаны уи агәаҭара аамҭа агоит.

Акция Бессмертный полк в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2021
Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥгахар аналшо арыцхә ҳәоуп

Амодераторцәа иԥыркхьеит анацист цәгьоуцәа рфотосахьақәа архәҭа алашәара. Урҭ афотосахьақәа назышьҭыз рхаҭарақәа рзы ашәҟәқәа нашьҭуп Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы ахь. Сынтәа идырӷәӷәеит анацизм ареабилитациазы аҭакԥхықәра.

Ауснагӡатә иалагоит лаҵара 9 асааҭ 15:00 рзы.

Уи уахәаԥшыр ҟалоит апроект асаит аҿы, асоциалтә ҳақәа ВКонтакте, "Одноклассники" рҿы, ателеканалқәеи онлаин кинотеатрқәа ОККО, IVI.RU, MORE.TV ронлаин платформаҿи. Апроект аиҿкааҩ: ООД "Урыстәыла ԥсра зқәым архәҭа". Апроект апартнерцәа: ПАО Аҵәахбанк, Mail.ru Group, ВОД "Аиааира аволонтиорцәа".

Ажәабжьқәа зегьы
0