Путин еиҭеиҳәеит акоронавирус аҟынтәи алаҵа шихигаз

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин предложил пост врио главы Северной Осетии - Алании С. Меняйло
Президент РФ В. Путин предложил пост врио главы Северной Осетии - Алании С. Меняйло - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа ахада имҳәаӡеит акоронавирустә инфекциаҟынтә иарбан лаҵоу иҟаиҵаз.

АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин еиҭеиҳәеит акоронавирус аҟынтәи аҩбатәи алаҵаҟаҵараан аамҭа кьаҿк азы ишоура шхалаз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Аҩбатәи агәыр аныҟасҵаз 12 сааҭ рышьҭахь маҷк сшоура халеит - 37,2. Уи ахәылбыҽхаз акәын. Адырҩаҽны санааԥш скәаԥӡа сыҟан", - иҳәеит Путин Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭпремиақәа ранашьараан.

Иара акоронавирус аҟынтәи алаҵа ҟаиҵеит ааԥынразы. Уи ашьҭахь иҳақьымцәа ишырҳәоз ала, аиммунтә ҭак бзиа иман. Убри аан рыуа лаҵас иҟаиҵаз арбану атәы имҳәеит, иара иажәақәа рыла, уи здыруа иара иҳақьым заҵәык иоуп.

Акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵаҟаҵаратә кампаниа Аԥсны иалагеит лаҵара 12 рзы. Ауааԥсыра ирыларҵоит урыстәылатәи алаҵа "Спутник V". Рашәара 11 рызтәи аҭагылазаашьала Аԥсны алаҵа рзыҟарҵахьеит 2772-ҩык ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0