Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрраҿы ирҳәеит "Спутник V" ахацәа анырра шрынаҭо

© Sputnik / Алессандро Рота / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Сан-Марино открылся прививочный туризм для желающих вакцинироваться "Спутником V"
В Сан-Марино открылся прививочный туризм для желающих вакцинироваться Спутником V - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2021
Анапаҵаҩра
Алкаақәа ҟаҵоуп аҭҵаарақәа рышьаҭала. 60-ҩык ахацәа 2021 шықәса хәажәкырамза инаркны рашәарамзанӡа агәаҭара иахрыжьуан.

АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. "Спутник V" ала алаҵаҟаҵара ахацәа рхылҵшьҭра иацырҵаразы ирԥырхагам ҳәа аҩуеит РИА Новости Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аендокринологиа НМИЦ апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Спутник V" ала алаҵаҟаҵара ахацәа рхылҵшьҭра иацырҵаразы иаԥырхагам, азеиԥш тестостерон аҩаӡареи арԥ ахаҭабзиареи ирныруам. Ари шьақәырӷәӷәоуп Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аендокринологиа НМИЦ аҵарауаа имҩаԥыргоз аҭҵаарақәа ирылҵшәаны. 60-ҩык ахацәа 2021 шықәса хәажәкырамза инаркны рашәарамзанӡа агәаҭара иахыжьын", - абас ҳәоуп адырраҭараҿы.

Уаанӡа Техастәи ауниверситет аҵарауаа COVID-19 асимптомқәа ахацәа ишырныԥшуа ҭырҵааит. Урҭ рылкаақәа акьыԥхьит Express.

Аусумҭа авторцәа ишеилыркааз ала акоронавирус ахаҵа дхаҵан дҟазҵо ицәеижьхәҭақәа ирԥырхагоуп. Ари аҩыза алкаа ҟарҵеит ачарҭаҳәынаԥ аԥышәарала. Иара убасгьы иҭырҵааз ахацәа рҟынтәи иҟан зтестостерон лаҟәыз.

Ажәабжьқәа зегьы
0