Аҳақьым иҳәеит алаҵа ашьҭахь амра ацәылара зыҟамло

© AFP 2023 / Yasin AkgulДевушки на пустынном пляже на берегу Мраморного моря в Турции
Девушки на пустынном пляже на берегу Мраморного моря в Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2021
Анапаҵаҩра
Акраамҭа амра ацәылара, аҽҟәиара ауаҩы изы ишәарҭоуп, аультрафиолет уцәа аблыр ауеит.

АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik. Акоронавирус аҟынтә алаҵаҟаҵара ашьҭахь амра ацәылареи аҽҟәиареи аҽырцәыхьчара аҭахуп аллергиатә реакциа цәырнамгарц ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳақьым-пульмонолог, аклиника "Лор-Астма" адиректор хада Сергеи Пуриасев. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ауаҩытәыҩса ицәа иӷәӷәаны ианымжьыжькуа, агистамин рацәаны илҵуеит. Ари аллергиатә реакциа арҿиоит. Алаҵа аныҟарҵа ашьҭахь аллергиатә процессқәа рыҟалара зынӡа иаҭахым, ауаҩы ицәеижь иара усгьы аҽеизыркәкәан иахьыҟоу азы", - ҳәа иҳәоит Пуриасев.

Иара иажәақәа рыла, мызкы, мызки бжаки амра аҽацәыхьчалатәуп.

"Актәи алаҵа ашьҭахь – хымчыбжь, аҩбатәи ашьҭахь – ҩымчыбжь, ацәеижьҿагылақәа рыҿиара цонаҵы. Амшын, адача рахь ацара зыгәҭаку ауаа заанаҵы алаҵа ҟарҵароуп", - ҳәа иҳәоит аҳақьым.

Амрашәахәақәа аӷьуп аиҳарак шьыбжьон. Аплиаж аҿы аҟазаара ашьыжь асааҭ жәабанӡеи ахәылбыҽха асааҭ фба рышьҭахьи ауп ианузшәарҭам. Убри аан алаҵа ашьҭахь антигистаминтә хәшәы удукылалар узеиӷьуп ҳәа иҳәоит аҳақьым.

Ажәабжьқәа зегьы
0