Афганистан ахада Ашраф Гани ԥхьатәара дцоит

© AP Photo Massoud HossainiКандидат в президенты Афганистана и бывший министр финансов Ашраф Гани Ахмадзай выступает во время интервью Associated Press в своей резиденции в Кабуле, Афганистан, в понедельник, 14 июля 2014 года. Ахмадзай сказал, что сделка при посредничестве США по полной ревизии бюллетеней вернула страну назад с края пропасти и вернуть легитимность правительства в нужное русло.
Кандидат в президенты Афганистана и бывший министр финансов Ашраф Гани Ахмадзай выступает во время интервью Associated Press в своей резиденции в Кабуле, Афганистан, в понедельник, 14 июля 2014 года. Ахмадзай сказал, что сделка при посредничестве США по полной ревизии бюллетеней вернула страну назад с края пропасти и вернуть легитимность правительства в нужное русло. - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2021
Анапаҵаҩра
Афгантәи аиҳабыра, аиҿкаара Талибан, ЕАА аилацәажәара мҩаԥыргоит ҭынчмҩала амчра аиҭакразы, аха макьана ӡбрак рыдрымкылац.
АҞӘА, нанҳәа 16- Sputnik. Афганистан ахада Ашраф Гани ԥхьатәара дцоит иара иахәҭаны иибо аҭагылазаашьала ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит амчра ахаҭарнак.
"Ахада иара иахәҭаны ииԥхьаӡо аҭагылазаашьақәа дрықәныҟәоит", - иҳәоит иара.
Гани иажәақәа рыла амчра ашьҭаҵара залшом ишьҭрақәлаҩ деилкаахаанӡа, аҭынчреи алхрақәа рымҩаԥгарзи аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩхаанӡа.
Ахада иусбарҭаҟынтә иаарыцҳауеит Ашраф Гани ҭелла дышрацәажәаз Кабул ауааԥсыра ршәарҭадара ацхрааразы амаҵзура ахаҭарнакцәа.
Афганистан аҭагылазаашьа аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы акыр еибарххахеит "Талибан" атәыла ақалақь дуқәа рымпыҵахалара иахьалагаз азы. Амҽыша АИХқәа адырра ҟарҵеит аталибқәа Афганистан аҳәаахыҵырҭақәа рнапаҿы иҟоуп ҳәа. Аиҿкаара алахәылацәа ирҳәоит аиҳабыреи дареи аилацәажәара шымҩаԥырго ҭынчмҩала Кабул алаларазы. АИХқәа ишырҳәо ала Гани имаҵзура ашьҭаҵара дазыхиоуп.
АИХқәа иара убасгьы аамҭақәак рышьҭахь иазгәарҭеит Афганистан аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Али Ахмад Џьилали атәыла аиҭакратә мчра ахадараҿы дгылоит ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0