Роспотребнадзор: акоронавирус симптомда изхызгаз рахьтә 18% ацәеижьҿагылақәа рымаӡам

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЭкспресс-диагностика на антитела к коронавирусу в клинике Hadassah Medical Moscow в Сколково
Экспресс-диагностика на антитела к коронавирусу в клинике Hadassah Medical Moscow в Сколково - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2021
Анапаҵаҩра
Аҭҵаарақәа иаадырԥшуеит COVID-19 аан ицәырҵуа ацәеижьҿагылақәа даҽа бжьымз рҟынӡа амч рыманы иаанхоит ҳәа.
АҞӘА, нанҳәа 19 - Sputnik. Аҭҵаарақәа ишаадырԥшыз ала, акоронавирус симптомда изхызгаз рахьтә 18% ацәеижьҿагылақәа рымаӡам ҳәа иҳәеит Роспотребнадзор Аепидемиологиа аҭҵаарадырратә центр адиректор ихаҭыԥуаҩ, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент Александр Горелов. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәылатәи аилазаара "Знание" аефир аҿы аҵарауаҩ иқәгылара шьаҭас иҟаҵаны.
Аинфекционист иажәақәа рыла, Роспотребнадзор апилоттә проект мҩаԥнагеит Урыстәыла 26 регион рҟны. Есҩымз 70 нызқьҩык ауааԥсыра ацәеижьҿагылазы атестқәа арҭон.
"Еилкаахеит ҷыдарада ачымазара зхызгаз рахьтә 18% ацәеижьҿагылақәа шрымамыз", - иҳәеит Горелов.
Иара иҳәеит ачымазара ашьҭахь фымз анҵлак алаҵа шыҟаҵатәу ацәеижьҿагыла ыҟоу иҟаму иахьмырԥшыкәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0