Европаа ргәаанагарала, Евро-еидгыла ахала иаӡбеит асанкциақәа рызҵаара

© Sputnik / Владимир Сергеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФлаги России, ЕС, Франции и герб Ниццы на набережной Ниццы
Флаги России, ЕС, Франции и герб Ниццы на набережной Ниццы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа шԥаҟала ҳәа азҵаара Европа ауааԥсыра 27% аҭак ҟарҵеит урҭ Америка ақәыӷәӷәарала ишрыдкылаз, 37% ргәы иаанагоит Европеи Америкеи асанкциақәа рыдкылараан еиқәшаҳаҭын ҳәа.

АҞӘА, ԥхҷ 23 – Sputnik. Европа ауааԥсыра аԥшьбатәи рыхәҭа еиҳаны агәра ганы иҟоуп, Урыстәыла аганахьала иҟаҵаз асанкциақәа зыбзоуроу Америка ақәыӷәӷәара шакәу. Абас иҟоу алҵшәақәа ааԥшит Sputnik аҳәарала агентра ICM Research иҟанаҵаз аҭҵаара.

Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа шԥаҟала ҳәа азҵаара Европа ауааԥсыра 27% аҭак ҟарҵеит урҭ Америка ақәыӷәӷәарала ирыдкылан ҳәа, 37% ргәы иаанагоит Европеи Америкеи асанкциақәа рыдкылараан еиқәшаҳаҭын ҳәа.

Азҵаара мҩаԥнагеит ICM Research, Sputnik иҟанаҵаз ажәалагала ала Франциа, Британиа Ду, Германиа ԥхынҷкәын актәи азбжазы. Тәылацыԥхьаӡа зықьҩык инареиҳаны азҵаара рыҭан, азҵаара рырҭон хаҵеи ԥҳәыси, урҭ қәрала еиуеиԥшымызт, географиала иахьынхоз хаз-хазын.

Имҩаԥгаз азҵаара излаҳәо ала, асанкциақәа зыбзоуроу Америка иҟанаҵаз ақәыӷәӷәароуп ҳәа згәы иаанаго рхыԥхьаӡара 33% инаӡоит. Изызҵааз анемеццәа рыбжаҩык инарзынаԥшуа агәаанагара рымоуп Европеи Америкеи асанкциақәа рыдкылараан еиқәшаҳаҭын ҳәа, афранцызцәа рыбжьара уи аҩыза агәаанагара рымоуп 36% азҵаара зыҭаз ауаа.

Урыстәыла аганахьала иҟаҵаз асанкциақәа Америка ирыбзоурам ҳәа згәы иаанаго рхыԥхьаӡара азҵаара зыҭаз ауааԥсыра аԥшьбатәи рыхәҭа еиҵоуп тәылацыԥхьаӡа.

ICM Research излаҳәо ала, Британиеи Франциеи инхо ауаа адгылом Украина ԥарала рыцхраара, Урыстәыла аганахьала ирыдкылаз асанкциақәа Украина иҟоу аҭагылазаашьа еиӷьнатәуам ҳәа ахәаԥшуеит урҭ. 40% анемеццәа Урыстәыла аганахьала иҟоу асанкциақәа раԥыхра иадгылоит. Британиа, Франциа инхо ауааԥсыра рыбжаҩык инарзынаԥшуа Европа ахьыԥшымра иҵегь иӷәӷәазар аҭахуп.

Европеи Еиду Америкатә Штатқәеи Урыстәыла абизнесменцәа рзы асанкциақәа шаԥырҵаз

Европеи Америкеи рыуаажәлар Крым Урыстәыла адлара азхарҵаӡом. Урҭ Москва ахара адырҵоит Украина аусқәа рҽахьаларгалаз азы. Европеи Америкеи хәажәкырамза инаркны асанкциақәа ралагалара нап адыркуеит Урыстәыла аполитикцәеи, абизнесменцәеи, акомпаниақәеи рганахьала. 

Америкеи Европеи рсанкциақәа Урыстәыла ишрыдыркылаз

Урыстәыла Ахада Владимир Путин нанҳәамза фба рзы, ашәарҭадара аԥызҵаша иҷыдоу аекономикатә усмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы ақәҵара инапы аҵаиҩит. Уи ақәҵара инақәыршәаны, шықәсык аҩнуҵҟа атәылақәа жәпакы рҟынтә атауарқәа Урыстәылаҟа ргара залшом. Урҭ атауарқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп акәац, аҳәажьы, ашәырқәа, ахшлых, араса уҳәа афатәқәа жәпакы.

Ажәабжьқәа зегьы
0