АҞӘА, ԥхҷ 26 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Ашықәс ҿыц аламҭалазы адәқьанқәа рҟны иҟоуп еиуеиԥшым инаплыху ахаа-мыхаақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы – ашоколад иалхыу аҵаа бабадуқәа, ачарӡ иалхыу аҩнқәеи, ауасақәеи.
Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз аахәацәа реиҳараҩык иазгәарҭеит, аҳамҭазы ихадоу уи иацу аԥхарра ауп ҳәа.
"Аҳамҭақәа рхыԥхьаӡара ахьырацәоу аҟынтә иуадаҩуп ак алхра. Маӡала ишәасҳәоит, сгәакьацәа рзы аҳамҭа алсххьеит. Иалсхыз аҳамҭақәа рыла, урҭ "ишоколадтәу" Ашықәс ҿыц рызԥшуп", – лҳәеит аахәаҩ Милана Шәлымԥҳа.
Ԥхынҷкәын алагамҭа инаркны ауаа рыуацәеи рҭынхацәеи рзы активла Ашықәс ҿыцазтәи аҳамҭақәа ирышьҭалоит.
"Аҳамҭақәа рыԥшаара, жәаҳәарада аныҳәатә гәалаҟазаара аԥнаҵоит, убри алагьы Ашықәс ҿыц ахәҭа хадақәа ируакуп", – азгәалҭеит аахәаҩ Иана Чокәуа.