Ашықәсҿыцазтәи аныҳәатә концерт ажьырныҳәа 10 рзы Аҟәа имҩаԥгахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАныҳәатә гәалаҟазаара
Аныҳәатә гәалаҟазаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашықәс ҿыц ауха имҩаԥысраны иҟаз аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит асабша ахәылбыҽха, Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа иҟоу ашҭаҿы.

АҞӘА, ажь 9 – Sputnik, Анастасиа Никоновоа. Аныҳәатә концерт азы агәҭакқәа рацәаны иҳамоуп, ахәаԥшцәа ирзыԥшу рацәоуп, лҳәеит Аҟәа ақалақь ахадараҟны акультура аҟәша аиҳабы Наала Ҳашыг.

Аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа, асимфониатә оркестр, амцатә шоу, аԥсуа милаҭтә мелодиақәеи акәашарақәеи аныҳәатә гәалаҟазаара аԥырҵоит.
Аныҳәатә концерт амҩаԥгара Ашықәс ҿыц аухазы иақәкны иҟан, аха амш цәгьа иахҟьаны иахыган ажьырныҳәа 7-нӡа. Усҟангьы ақәаршыҩ илеиуаз ирнамҭеит аконцерт амҩаԥгара.

"Амш шыцәгьазгьы Ашықәс ҿыц ауха аԥсаҵла хадахьы иааз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара рацәан. Ажәлар аныҳәа рбар рҭахуп. Уаҵәы зегь лыԥхала имҩаԥысып ҳәа ҳгәыӷуеит", – ҳәа азгәалҭеит Наала Ҳашыг.

Аконцерт алагоит асааҭ 19: 00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0