АҞӘА, жәб 9 – Sputnik. Аҟәа администрациа изакәантәым, зыхә шәатәу, амашьына аргыларҭақәа раԥыхразы иаҭаху аусқәа мҩаԥнагоит, абри атәы ақалақь ахада Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.
Ақалақь ахада иажәақәа рыла, амашьынақәа рыргыларҭа азы ахәшәара алагалара ӡбан хәы-шықәса раԥхьа, Аҟәа Админстрациа уаанӡатәи анапхгарала. Нас, шықәсык аԥхьа уи анапхара аӡбара мап ацәыркит, иациҵеит Адгур Харазиа.
Аҳҭнықалақь ахада излаиҳәо ала, ԥхынҷкәынмзазы ақалақь Администрациа зыхә шәатәу амашьынақәа рыргыларҭа асистема архынҳәра азы ажәалагала мап ацәыркит.
"Уи аҩыза асистема алагалара алшара ҳамазаауеит, еиҿкаау амашьына ргыларҭатә еиқәыршәарақәа анҳамазаауа", – иазгәеиҭеит Адгәыр Ҳаразиа.
Ақалақь Администрациеи азинхьчаратә усбарҭақәеи еицхырааны аџьармыкьа аҟны зыхә шәатәу амашьынақәа рыргыларҭақәа рзы аусурақәа рхыркәшара рҽазыркит.
"Уаҟа иҟоу амашьынақәа рыргыларҭа хәыда-ԥсадоуп. Аԥара агара зҽазызшәо ауаа ахьырхәызаауеит", – иҳеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рнапхгара аиҳабы Дмитри Дбар.
Иаҭахыз амаҵурақәа аилыркааратә еицәажәарақәа рымҩаԥгаразы аҩнуҵҟатәи аусқәа рнапхгарахь рнагара азы адҵа рырҭахьеит ҳәа ациҵеит Дбар.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аҟәатәи анапхгара аџьармыкьахь иаҵанакуа амҩақәа реиҿкааразы аилыркааратә еицәажәарақәа мҩаԥыргеит. Аҟәа Администрациа анхамҩатә усбарҭеи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рнапхгара ахаҭарнакцәеи еицхырааны ахәаша иахьаҭыԥым игылаз ахәаахәратә ҭыԥқәа раԥыхразы Ҩардан имҩа иадыркит.