https://sputnik-abkhazia.info/20150209/1013850862.html
Иапониатәи акамелиа аӡынразы ашәҭра
Иапониатәи акамелиа аӡынразы ашәҭра
Sputnik Аҧсны
Аӡынразы ишәҭуа ашәҭқәа зегь реиԥш акамелиагьы аԥшӡара акалашәа иҟоуп. Арҭ амшқәа рзы ишәҭыз иблахкыгоу акамелиа Аԥсны атәылауаа асасцәеи аргәырӷьоит. 09.02.2015, Sputnik Аҧсны
2015-02-09T17:44+0300
2015-02-09T17:44+0300
2016-08-16T10:34+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101382/57/1013825732_0:317:6017:3701_1920x0_80_0_0_8354ad6d4f13acb931808a8d7d04e47c.jpg
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2015
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101382/57/1013825732_330:0:5685:4016_1920x0_80_0_0_16b2d2830657e14d6e404b4727a8db35.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа
Иапониатәи акамелиа аӡынразы ашәҭра
17:44 09.02.2015 (ирҿыцуп: 10:34 16.08.2016) Аӡынразы ишәҭуа ашәҭқәа зегь реиԥш акамелиагьы аԥшӡара акалашәа иҟоуп. Арҭ амшқәа рзы ишәҭыз иблахкыгоу акамелиа Аԥсны атәылауаа асасцәеи аргәырӷьоит.
Акамелиа ашәҭқәа еиуеиԥшым аԥшшәхәқәа рымоуп: аҟаԥшь, ашкәакәа, агәил-пшшәы. Абыӷьқәа ракәзар — ишьацԥштәылоуп. Иапониантәи акамелиа Аԥсныҟа иааган XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы. Аратәи аҳауаԥхарра даарагьы ианаалеит иара.

Камелиеи ачаи еиуацәоуп. Урҭ аҩбагьы шьҭрала Китаи Иапониеи иатәуп.

Ари ашәҭ иамоу ахьӡ ԥшӡа иезуиттәи абер, аботаник Георг Иозеф Камелиус ихьӡ иадҳәалоуп, иара XVIII ашәышықәсазы аҵиаа Европаҟа иааигеит.

Аҟәатәи аботаникатә баҳча аҟны иапониатәи акамелиа 1850 шықәсазы еиҭаҳан.

Иблахкыгоу "аиапонка" ианаалоз аԥснытәи аҳауа аԥшааит. Иҟәандоу, ицәааку аӡын даара ианалоит.

Акамелиа асубротопикатә ҭагылазаашьа азыманшәалоуп, ашәҭқәа рыла Аԥсны жәлар аргәырӷьоит.

Иапониатәи акамелиа - Аԥсны лассы-лассы иуԥыло, иҷыдоу ахылаԥшра зҭахӡам ҵиаауп.