Заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа рыцхыраара акциа ауаажәлар адгылеит

© Sputnik Илона ХварцкияАгәыҳалалратә гәыԥ "КЬАРАЗ", Facebook.
Агәыҳалалратә гәыԥ КЬАРАЗ, Facebook. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа волонтиорцәа ргәыԥ ахшара рацәа змоу, иӷару аҭаацәарақәа рзы амаҭәақәеи аҩнытә техникеи реидкылара иалагеит.

АҞӘА, жәб 13 – Sputnik, Анастасиа Никонова. Аԥсны ауаажәлар  иӷару аҭаацәарақәа ацхыраара рыҭаразы агәыҳалалратә акциа иадгылеит, абри атәы акциа аиҿкааҩ Кама Кәыҵниа Sputnik  акорреспондент иалҳәеит.

"Сҩыза Мархьаулынтәи даара иӷару ҭаацәарак рфотосахьа сирбеит, зегьы убри алоуп ишалага. Аб фҩык ахшара иааӡоит, ан аҭаацәара калыжьит. Изыргәаҟуеи ҳәа саниазҵаа, зегьы иаргәаҟуеит ҳәа саиҳәеит сҩыза", – лҳәеит Кәыҵниа.

Кама Кәыҵниаԥҳа илыӡбеит ахшара рацәа змоу, иӷару аҭаацәара рыцхырааразы ацхырааратә акциа амҩаԥгара. Уи аидеиа иаразнак ишьҭырхит лара лҩызцәа.

Асоциалтә каҭа Facebook  аҟны иаԥҵан "КЬАРАЗ" ҳәа агәыԥ, иахьазы зықьҩык инареиҳаны алахәылацәа аҵаҩуп, уи абзоурала ацхыраара зҭаху, игәаҟуа аҭаацәарақәа рыцхыраара иаҳа имариахоит, лҳәеит Кама Кәыҵниа.

"Аеффект даара ҳаззыԥшымыз ак акәны иҟалеит, Аԥсны асҟак иӷару ауаа шынхо еилызкааз ауаа иаразнак ақәҿырҭит, ирыцхраарц рҭаххеит, – иазгәалҭеит аволонтиор. Агәыԥ "КЬАРАЗ" алахәылацәа ирыӡбеит иӷару аҭаацәарақәа рзы афинанстә цхыраара аизгара. Абанк аҟны асчиот ааҳартит. Жәамш рыла 15 нызқь мааҭ еизаҳгеит".

Урҭ аԥарақәа рыла Мырхьаул инхо аҭаацәара реиҳабы аҭӡамцқәа ршьыхреи, аҭуан аиҿкаареи рзы изаахәан аргыларатә маҭәахәқәа. Иара убас акциа алахәылацәа акаруаҭ, амаҭәақәа уҳәа еизыргеит рҳәеит аволонтиорцәа.

"Аԥсны ахшара рацәа змоу, иӷару аҭаацәарақәа даара ирацәоуп", – иазгәалҭеит Кәыҵниа.

Аволонтиор лажәақәа рыла, уажәти аамҭазы хыԥхьаӡарала шаҟа ҭаацәареи, ҭыԥс иахьынхои аинформациа аизгара иаҿуп. Ҭаацәарацыԥхьаӡа ирзеиқәыршәоуп асиа, уаҟа иарбоуп аҩны зегь раасҭа иаҭаху аҟынтә амаҭәарқәа жәаба, лҳәеит Кәыҵниа.

"Иӷару, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа рхыԥхьаӡара иахьазы иҳаздырӡом. Агәра згоит, хьаас измам аӡәгьы дшаанымхо. Аҩны зегьы иҳамоуп ахызақәа, ахәмаргақәа, иаҳҭахым амаҭәа ԥхақәа, урҭқәа ааидкыланы изҭаху аҭаацәарақәа ираҳҭар ҟалоит", – инаҵшьны иазгәалҭеит аволонтиор.

Кама Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла, иаҭаху амаҭәақәа реизгара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аҳҭнықалақьтә еилакы аиҿкааразы иацхрааит. Аилак ахь амаҭәақәа, ахәмаргақәа аарго иалагеит.

Агәыҳалалратә акциа жәабран 4 рзы иалагеит. Уажәазы даҽа хә-ҭаацәарак рыцхырааразы аҽазыҟаҵарақәа цоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0