Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа рахь абитуриентцәа ралԥшаара иалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукУрыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рахь аԥышәарақәа рыҭира. Архивтә фото.
Урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рахь аԥышәарақәа рыҭира. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Виатали Габниа иажәақәа рыла, аԥсуа абитуриентцәа 220 лимит рзалхын, аха урҭ рҟынтә ирацәоуп ахархәара змоуз.

АҞӘА, жәб 16 –Sputnik, Саид Барганџьиа. Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа аԥсуа абитуриентцәа рҭаларазы раԥхьатәи ахәҭа — аурыс бызшәазы аԥышәара аҭира хыркәшоуп, абри атәы Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.

"Зынӡа иҳаԥсахит аԥышәарақәа рыҭира апроцесс. Уи адагьы иҭалар зҭаху зегьы рзы аԥҟарақәа еиԥшуп. Абитуриентцәа русумҭақәа ирықәҭыхзааует, абара алшара рымазарц азы. Арҵаҩцәа ахәшьара ацҵара, ма агырхара алшара рымазааӡом" – иҳәеит Габниа.

Ахада ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, ари ашықәс азы аԥсуа абитуриентцәа рзы 220 лимит алкаан, аха урҭ рҟынтә зегьы ахархәара рмоуӡеит.

"Абитуриентцәа реиҳараҩык иалырхит ас еиԥш иҟоу ахырхарҭақәа: амедицина, аиуриспруденциа, економика. Атехникатәии аинженертәи азанааҭқәа рахь аҭалара зҭаху ҳәа уаҩ дҳамаӡам", – иациҵеит иара.

Аҵарадырреи, аҭҵаареи, аҿартә политикеи аспорти рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Гәарамиа иазгәеиҭеит, аԥсуа школхәыҷқәа разыҟаҵара шыҳараку, урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рҭахрақәа ишрықәшәо.

"Иахьа ашколхәыҷқәа урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рыҟны рҵара ацҵаразы ибзианы иазыҟаҵоуп. Анаҩсгьы рыҩаӡара еиҳа еизҳаларц сҭахуп. Уи азы иаҭаху аусқәа мҩаԥаҳгалоит", –  иҳәеит Гәарамиа.

Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра ишаанацҳауа ала, абитуриентцәа ралхра аҩбатәиаетап аан Урыстәылатәи арҵаратә усбарҭақәа алархәны имҩаԥыслоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0