АҞӘА, жәб 17 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Еилкаау усуп мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәыла ақәыӷәӷәаразы агазтә политика рхы архәара ишашьҭоу, аха убри аан иҟоу аҭагылазаашьаҿы ишрызгәамҭаз дара рхаҭазы алҵшәақәа ҽеимхар алшоит. Абри атәы Sputnik акорреспондент иеиҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Европеи, Еиду Америкатә Штатқәеи, Канадеи рыҟәша аиҳабы Артур Гагәылиа.
"Апроект "Южный поток" аанкылара раԥхьатәи шьаҿахеит Урыстәыла аганахьала иҟоу асанкциатә политика ԥеиԥш шамам аилкаараҿы", — иҳәеит аексперт.
Гагәылиа иажәақәа рыла, апроект аанкылара иахҟьаны Европа ахаҭа иаиуз аекономикатә цәыӡқәа хара имгакәа ирбо иалагоит. Мраҭашәара атәылқәа рзы асанкциатә политика хырҳага аҵам ҳәа азгәеиҭеит уи.
"Акыр улахь еиқәнаҵартә иҟоуп ҳазҭагылоу аамҭазы ас еиԥш аҭагылазаашьақәа ахьыҟало, еиҳаракгьы ари апроект аџьабааи агәыӷрақәеи Болгариеи Сербиеи иадырҵоз атәы ҳҳәозар", — азгәеиҭеит Гагәылиа.
Артур Гагәылиа игәаанагарала, Мраҭашәаратәи атәылақәа еилыркаароуп Урыстәыла иадыргало аԥҟарақәа рыла ахы шымҩаԥнамго, адунеитә политикаҟны иара ахатәы интересқәа шамоу.
Агазмҩангага "Южный поток" аргылара иалагеит 2012 шықәсазы. Раԥхьатәи агәҭакқәа рыла уи газла Европа еиқәнаршәар акәын Украина иавганы.