АҞӘА, жәб 19 – Sputnik. Аԥсны ахада Рауь Ҳаџьымба аилатәараҿы иазгәеиҭеит анхацәа рыцхрааразы иаҭахуп абылтәи арҵәыгатә хәшәқәеи рала реиқәыршәара. Абри атәы аалыцҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Хьыбла Возԥҳа.
Аилатәараҿы ирылацәажәеит Аԥсны арҿиаразы аинвестициатә программа аҩнуҵҟа апроектқәа реиқәыршәара.
"Урыстәыла иҳанаҭо аԥарақәа ишахәҭоу ахархәара рзаҳур ауп алҵшәагьы аныҟало. Апроектқәа реиҳарак ақыҭа арҿиара иадҳәалазар ауп ", — иҳәеит Ҳаџьымба.
Аҳәынҭқарра ахада иажәақәа рыла, хара имгакәа иеиҿкаахоит иҷыдоу акомиссиа, уи хықәкыс иамазаауеит аҳәынҭқарра аганахь ала ацхыраара зыҭахо апроектқәа ралкаара.
"Ҳара ҭакԥхықәрала ҳрызнеироуп арҭ азҵаарақәа. Аԥарақәа шьоукы рырбеиара акәӡам изызку, урҭ анхацәа рҟынӡа инаӡар ауп", — инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҳаџьымба.
Рауль Ҳаџьымба иара убас иазгәеиҭеит аԥсыӡкра аус арӷәӷәара шаҭаху.
"Ҳара амшын ахықәаҿ ҳанхоит, аха аԥсыӡкраз аусура мҩаԥысӡом. Шәазхәыц ари ахырхарҭа арҿиаразы иҟаҵатәу, иҟалап арахь аинвесторцәа адгалатәзар. Ҳара иҟаҳҵоит аԥсыӡ иалху ашыла аҭиразы, аха иаҳа ииашахон акомбикорм ара ҳара ҳҟны иҟаҳҵалар", – иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.
Аилатәара аихшьаала ҟаҵо аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит ақыҭанхамҩа аминистрреи аҭыԥантәи администрациақәеи русеицура, адҵагьы риҭеит есымчыбжьа иарҳәаларц ааԥынраз анхамҩатә усқәа шымҩаԥысуа.