Чалмаз: Афонҿыц аҳаԥы ахашәала аҵәахразы иҟоу уҳәан-сҳәанқәа ҵакыдоуп

© Sputnik Томас ТхайцукАфонҿыцтәи аҳаԥы.
Афонҿыцтәи аҳаԥы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара адепутат Кан Кәарҷиа абиуџьети, ахашәалахәи, афинансқәеи, аекономикатә политикеи уҳәа рзы апарламент акомитетқәа реилатәара ду аҟны иҳәеит Афонҿыцтәи аҳаԥы анапхгара миллиардбжак аԥара аҵәахуеит ҳәа.

АҞӘА, 19 фев – Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа Афонҿыцтәи аҳаԥы ахадара ахашәала аҵәахуеит ҳәа ииҳәаз зынӡа иҵакыдоуп, абри атәы аҳаԥы адиректор ихаҭыԥуаҩ Мирон Чалмаз Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.

"Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Кан Кәарҷиа Афон Ҿыц аҳаԥы ахадара 0,5 миллиард мааҭ аҵәахуеит ҳәа ииҳәаз ҵакыдоуп" – иҳәеит Чалмаз.

Аҳаԥы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит аобиект жьҭаара инаркны аӡынтәи аихшанҵала аус шауа. "Аҳаԥы асҟак аԥара аӷьычра акәым арҳарагьы алшаӡом. Уи аҟара аԥара арҳаразы, аҳаԥы ашықәсынтәарак аус аулароуп, миллионҩык аԥсшьацәа ҳадаҳкылароуп", – азгәеиҭеит Чалмаз.

Аиндикативтә план ала шықәсык азы Афон Ҿыц аҳаԥы ахашәалахәы амҽхак 150 миллион  мааҭ аҟынӡа инаӡароуп иҳәеит Чалмаз.

"Ҳара ҳганахь ала аиндикативтә план анагӡаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит", – инаҵшьны иазгәеиҭеит Чалмаз.

Чалмаз иажәақәа рыла Афонҿыцтәи аҳаԥы официалла аҭыԥнтәи ауааԥсыра, ашколхәыҷқәа, астудентцәа, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра алахәылацәа рзы азинҷыдақәа ыҟоуп. Аҳаԥы альготтә билеҭ ахә 100 мааҭк рҟынӡа инаӡоит, егьыс абилеҭ – 500 мааҭ иркоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0