АҞӘА, жәб 19 – Sputnik. Еиду Америкатә Штатқәа Аԥсны ауааԥсыра рганахьала ирымаз авизатә политика дырԥсыҽит, иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба ажурналистцәа рзы имҩаԥгаз абрифинг аҟны.
"Ҳусураҿы ихадароу аспектқәа ируакзаауеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы Евроеидгыла имҩаԥнаго авизатә политика алацәажәара. Америка урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа змоу Аԥсны ауааԥсыра рзы авизатә ԥкрақәа зегьы амырхит. Аха Евроеидгыла атәылақәа: Германиеи, Италиеи, Франциеи, Бельгиеи ҳареи иахьа уажәраанӡагьы апроблема дуқәа ҳамоуп. Адокументқәа разхаҵара Бриуссельгьы иазааҭгылоит. Уахь иалоуп аҵараиура зыршаҳаҭуа ашәҟәқәеи, аиразы аршаҳаҭгақәеи, аҭаацәара алаларазы адокументқәеи, аԥсразы аршаҳаҭгақәеи", – азгәеиҭеит Чрыгба.
Аминистр иажәақәа рыла, рашәарамзазы Женева имҩаԥысуеит аинформациатә сессиа Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны ауааԥсыра ирыҭоу адокументқәа разхаҵара азҵаарақәа рзы.
"Аекспертцәа ас еиԥш иҟоу апроблемақәа рыӡбара шымҩаԥгатәу азы ргәаанагарақәа рҳәалоит. Аҩадатәи Кипр, Таиван уҳәа рҟны арҭ азҵаарақәа рыӡбахьеит, ус анакәха жәларбжьаратәи аԥышәа ыҟоуп. Ҳара ҳтәылауаа рзинқәа рыхьчара ҳҽазаҳшәалоит ԥхьаҟагьы. Абри азҵаараҿы женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа радгылара акраанагоит. Азҵаара қәҿиарала иӡбахап ҳәа агәыӷра ҳамоуп", — иҳәеит аминистр.
Ажурналистцәа рзы абрифинг мҩаԥысит женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа рԥылара ашьҭахь. Анаҩстәи женеватәи аиҿцәажәарақәа арбоуп хәажәкырамза 17-18 рзы.