АҞӘА, жәб 19 – Sputnik,Роберт Џьопуа. Аԥсуа гәыԥ "Аҟәа" амҵышәампыл аспортсмен қәыԥшцәа раԥхьаӡа акәны аӡӷабцәа рыбжьара, Лабинсктәи араион Краснадартәи атәылаҿацә аҟны аспорт аветеран Нина Луценко лыхьӡ ала имҩаԥгаз, иаарту аицлабра иалахәын, абри атәы азыҟаҵаҩ хада Николаи Гушьин Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.
"Аӡӷабцәа рзы ас еиԥш иҟоу аицлабра раԥхьаӡатәиуп. Ахәыҷқәа аԥышәа дуи астимули рынаҭеит. Дара рзы, ҳәарада ахәмарратә практика ихымԥадатәиуп. Иара убас, егьырҭ агәыԥқәа рыҽшазыҟарҵои ишыхәмаруеи рбеит", – иҳәеит Гушьин.
Аԥсуа гәыԥ азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла, аицлабраҟны иалахәын Новороссиск, Лабинск, Усть-Лабинск, Пиатигорск иара убас Еиск рҟынтәи агәыԥқәа.
Аԥсны амҵышәампыл асыҩцәа фынтә ихәмарит, хынтә аԥхьатәи аҭыԥ ааныркылеит, аҵыхәтәан аԥшьбатәи аҭыԥ ргеит. "Аџьаз" Усть-Лабинсктәи агәыԥ иранашьан, "араӡны" Пиатигорск агәыԥ ироуит, "ахьы" аицлабра аԥшәмацәа – Лабинск амҵәышәампыл асыҩцәа ирыҭан, иҳәеит Николаи Гушьин.
"Ҳаӡӷабцәа реиндаҭлаҩцәа даара иӷәӷәан. Рыбжеиҳараҩык Урыстәылатәи иреиӷьу атурнирқәа ирылахәуп, уи ахарала даара ицәгьан рыцхәмарра. Аха ҳара ҳаанкылара цәгьоуп, еиӷьны ҳахәмарларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит", – иҳәеит азыҟаҵаҩ.
Аха ус шакугьы Аҟәа аспортменцәа ҳамҭада инымхаӡеит, Кети Хәарцкиа иланашьан "Аицлабра иреиӷьу ахәмарҩы" адиплом, Сибель Арӡынба аицлабраҟны зегь реиҳа иқәыԥшу ахәмарҩы ҳәа далкаан, азгәеиҭеит Гушьин.
Амҵәышәампыл азы аспорт аветеран Нина Луценко лыхьӡ ала иаарту аицлабра Лабинск жәабран 14 инаркны 18 рҟынгӡа имҩаԥысуан.
Жәабран анҵәамҭазы аӡӷабцәа ргәыԥ Амҵышәампыл азы Шәача имҩаԥысуа "Аиҩызареи аҭынчреи" Акубок рхы аладырхәуеит.