Ӷәынџьиа: абжьаҟазацәа ралагалара аганқәа зегьы рзы феида ацӡам

© AFP 2023 / JALAA MAREYАбжьаҟазацәа. Архивтә фото.
Абжьаҟазацәа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла абжьаҟазаҩцәа жәларбжьаратәи амиссиа аформат ала арегион аҟны алахәхара рылшоит, Аԥсны ишыҟаз еиԥш, аха Украина уи авариант иақәшаҳаҭхаӡом, ҳәа игәы иаанагоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаз Максим Ӷәынџьиа.

АҞӘА, жәб 20 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Аимак-аиҿак азона ахьыҟоу абжьаҟазацәа рыҟазаара Луганск оума, Донецк оума, Украиноума аӡәгьы ирзыфеидам, – абри атәы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаз Максим Ӷәынџьиа Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.

Ӷәынџьиа игәаанагарала, Украина уи иазыфеидаӡам, избанзар аибашьра ааннакылароуп, иацәыӡыз адгьылқәа архынҳәра шырзынамыгӡо иақәзшаҳаҭхароуп.

"Украина мраҭашәаратәи акураторцәа мап ацәыркуеит аибашьра алгара, уи аус ҟьашь Урыстәыла аларгалар рҭахуп", – иациҵеит иара.

ЛНР ДНР абжьаҟазацәа армчқәа рҵакырадгьыл административтә ҳәаа аҟынӡа ианынаӡалакгьы ашьҭахь ауп аинҵерес анрызцәырнаго, иазгәеиҭеит Гәынџьиа.

Абжьаҟазацәа Украина мрагылара рыҟазаара астатус-кво аԥсахуеит, ҳәа игәы иаанагоит министрс иҟаз.

"Абжьаҟазацәа аҳәаа ацәаҳәа иқәгылароуп, ус ҩтәылак ирымоу афронт ахылаԥшратә ҳәаа ацәаҳәа арӷәӷәаразы. ЛНР, ДНР рзы урҭ ацәаҳәақәа аҩганк административтә ҳәаа", — иазгәеиҭеит иара.

Иара убас Ӷәынџьиа иазгәеиҭеит абжьаҟазацәа рыҟазаара хәыҷык акәзаргьы уи арегион аҟны иқәынхо ауаажәлар аҭынчра рзаанагоит ҳәа.

Абжьаҟазацәа рыҟазаара, инаҵшьны иазгәеиҭеит аекспрерт, аҩ-ҳәынҭқаррак ахаҭарнакцәа рыстатус шьҭнахуеимт аиҿцәажәаратә аренаҟны.

"Абжьаҟазацәа рыҟазаара Украина иақәшаҳаҭхар Украина уаҳа аибашьра ацҵара алшаӡом ҳәа ауп иаанаго. Иара Украина ахадарагьы ицәгьоу аҭагылазаашьа аҟынӡа инанагар алшоит, агәынамӡара змоу ауаажәлар еизар Маидан аасҭа ишьаарҵәыроу аизарахь еизҳар алшоит", — иҳәеит министрс иҟаз.

Ӷәынџьиа иажәақәа рыла, Мрагылара азы уи аибашьра ацҵара аинтерес аҵаӡам. Аексперт игәаанагарала Урыстәылахь иамоу аконфронтациа адипломатиатә аренахь аиагара рҽазыршәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0