АҞӘА, жәб 23 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Еицырдыруаз аиаша азықәԥаҩ, ауаажәларра-политикатә усзуҩы Зураб Ачба иԥсы ҭазҭгьы иахьа 65 шықәса ихыҵраны дыҟан.
"Зураб Ачба даара акрызҵазкуаз хаҭаран аибашьра аамҭазы, уи иалагаанӡеи амилаҭ-хақәиҭратә хеилак "Аидгылара" анеиҿыркаауазгьы, уаҟа иара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс дыҟан", – лҳәеит Зураб Ачба ихьӡ зху аҵарадырратә центр "Ақәымчра змам адунеи" аиҳбы Далила Ԥлиаԥҳа.
Иара убас ацентр аиҳабы иазгәалҭеит Зураб Ачба аибашьра ашьҭахь Аԥсны арҿиараҿы илагала шдуу.
"Аибашьра ашьҭахь Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа анеиқәдыршәоз, Зураб Ачбеи Тарас Шамбеи Аԥсны азакәан хада аҩбатәи авариант рыҩҩит. Уигьы иаршаҳаҭуеит Ачба шаҟа аԥышәа имаз дызҿыз аус аҟны", – ҳәа азгәалҭеит Ԥлиаԥҳа.
Арҵаратә центр "Ақәымчра змам адунеи" аиҳабы иазгәалҭеит Зураб Ачба аконституциатә еиҭакрақәа дышрыдгылаз атәы.
"Амчра амахәҭақәа реихшараҟны ихатә лагалақәа иман. Аҳәынҭқарра Ахада азинқәа рацәаны имоуп ҳәа игәы иаанагон. Аха усҟантәи аамҭазы аконституциа аиҭахәаԥшра иаҭахымыз ак акәны ирыԥхьаӡон", – лҳәеит Ԥилиа.
Далила Ԥилиа лажәақәа рыла Зураб Ачба 65 шықәса ихыҵра иазкны арҵаратә центр аҟны аиурист ҿарацәеи, аполитикцәеи, ауаажәларратә усзуҩцәеи алархәны астол гьежь еиҿкаахоит.
Зураб Ачба 2000 ҿшықәса нанҳәа 15 рзы дшьын. Зхаҭарақәа шьақәыргылам ацәгьоуцәа ииасны инеуаз амашьына аҟынтәи иеихсит. Иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны Зураб Ачба иара уаҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит.
Зураб Ачба – 80-90 ашықәсқәа раан имҩаԥысуаз Аԥсны ауаажәларратә амилаҭ-хақәиҭратә қәԥареи, Аԥсны аҳәынҭқарра ҿыц аргылареи апроцессқәа активла дрылахәын.