00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Рауль Лолуа: ашәарҭадаразы акомплекстә программа ҳҭахуп

© Sputnik Томас ТхайцукРауль Лолуа: ашәарҭадаразы акомплекстә программа ҳҭахуп
Рауль Лолуа: ашәарҭадаразы акомплекстә программа ҳҭахуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны ашәарҭадара аԥҵаразы акомплекстә система аиҿкааразы аусқәа ирылацәажәеит уи иазку специалистцәа.

АҞӘА, жәб 25 –Sputnik, Роберт Џьопуа. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рҟны ашәарҭадаразы акомплекстә программа аиҿкаара хымԥадатәиуп, иҳәеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Рауль Лолуа.

"Ари апроект даара акраҵанакуеит. Уи амҩаҿы ашәарҭадара аԥҵара иацхраауеит. Ҳара аилкаара ҳамоуп ҳус ишақәнагоу аиҿкааразы мҩақәас иалхтәу рзы. Апроект аус адулараан агхақәа ҳмыхьыр ауп", — иҳәеит аминистр.

Рауль Лолуа дырзааҭгылеит ари апроект иазԥхьагәанаҭо хырхарҭақәак: амҩатә машәырқәа рырмаҷразы ашәарҭадара аиҿкаара, урҭ рахьтә иааԥмырҟьаӡакәа амҩаҿы иҟоу аҭагылазаашьа ахылаԥшра, амҩатә ԥҟарақәа реилагарақәа иаарласны раарԥшразы автофиксациа алагалара уҳәа убас иҵегьы.

Аспециалисттә компаниақәа рхаҭарнакцәа ажәалагалақәа ҟарҵеит иқәыргылоу азҵаарақәа рыӡбаразы. Убас, урҭ адгалара ҟарҵеит амҩадуқәа рҟны акамерақәа рықәыргылара афото-видеофиксациазы, амҩатә ԥҟарақәа рынагӡаразы апропогандатә усқәа рымҩаԥгара, иара убас, амҩатә ԥҟарақәа рзы азинтә шьаҭақәа аԥсахрақәа ралагалара.

Аиԥылара хыркәшо, Рауль Лолуа ажәалагала ҟаиҵеит аусуратә гәыԥ аиҿкааразы аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи злахәу. Урҭ  акомплекстә план аиқәыршәаразы ажәалагалақәа ҟарҵоит.

Аиԥылара далахәын Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа, Жәлар Реизара адепутатцәа.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иамоу адыррақәа рыла, 2014 шықәсазы амҩатә машәырқәа ҟалеит 120, урҭ рҟны 61-ӡәы ҭахеит, 151-ҩык ахәрақәа роуит. Аҵыхәтәантәи жәа-шықәса рыҩнуҵҟа амҩатә машәырқәа 1742 ҟалеит, урҭ рҟны 713-ҩык ауааԥсыра ҭахеит, 2677-ҩык ахәрақәа роуит.

Ажәабжьқәа зегьы
0