Ламиа: Аԥсны иаку аексперттә хеилак ашьақәыргылара аҭахуп

© Sputnik Томас ТхайцукАпрокурор хада Алықьса Ламиа. Архивтә фото.
Апрокурор хада Алықьса Ламиа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апрокуротура хада апрофессионалтә зҵаарақәа реилыргара залшаӡом еиуеиԥшым аӡбаратә експертизақәа рышьақәыргыларада, ҳәа игәы иаанагоит апрокурор хада Алықьса Ламиа.

АҞӘА, жәб 27 – Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. Аԥсны апрокурор хада аҳәынҭқарраҟны аусҭҵааратә органқәа русура аиӷьтәразы аекспертиза мҩаԥызгало иаку ацентр ашьақәыргылара хымԥадатәиуп ҳәа иԥхьаӡоит. Абри атәы апрокуратура хада 2014 шықәсазтәи аусура аихшьаала иазкыз аилатәараҟны иҳәеит.

Алықьса Ламиа игәаангарала, еиуеиԥшым аӡбаратә експертизақәа рыда апрофессионалтә зҵаарақәа рыӡбара залшахаӡом, урҭ рыда ииашаҵәҟьаны аҭагылазаашьақәа узышьақәыргылаӡом. Иара иажәақәа рыла, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, аиустициақәа, агәабзиарахьчара рыҟны иҟоу аҳасабеилыргаратә, афинанстә, аргыларатә уҳәа аекспертиза хкқәа мҩаԥыргаӡом. Уи ахарала, иациҵоит апрокурор хада, аекспертизақәа Урыстәылатәи Афедерациа аҳәааҟны имҩаԥыргалароуп. Нас уи аусӡбара аиԥҟьарахь икылнагоит, ҳәа иазгәеиҭеит Ламиа.

"Ари еиԥш апроблемақәа рыҟазаара  ахарала Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟны иаку аексперттә хеилак ашьақәыргылара аҭахуп, избан акәзар Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿоума, аиустициа аминистрраҿоума аекспертизақәа шышьақәгылоу, ишымҩаԥырго рхаҭабзиара уҳәа иахәҭоу аҩаӡарақәа ирықәшәаӡом", – иҳәеит Алықьса Ламиа.

Апрокуротура хада аилыргаратә хеилак аиҳабы Џьамал Гогьиа иажәақәа рыла, Аԥсны анаркотикатә хархәаразы, аҩышьа аилкааратә, автотехникатә, абаллистикатә уҳәа аекспертизақәа мҩаԥыргоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0