Апрокуратура хада: 2014 шықәсазы 73 цәгьоура рыла еиҵаны иҟалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание генеральной прокуратуры
Здание генеральной прокуратуры - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәы иҭагалоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара ахьеиҵхаз иаҳәаӡом Аԥсны акриминогентә ҭагылазаашьа еиӷьхеит ҳәа, азгәеиҭеит апрокурор хада Алықьса Ламиа.

АҞӘА, жәб 28 – Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. 2014 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 927 цәгьоура, ари арбага 73 цәгьоура рыла еиҵоуп 2013 шықәса иаҿырԥшны иаагозар, иҳәеит Аԥсны апрокурор хада Алықьса Ламиа ахәашаҽны имҩаԥысыз, 2014 шықәсазтәи аусура аихшьаала аҟаҵара иазкыз Апрокуратура хада аколлегиалтә еилатәара аҟны.

Алықьса Ламиа иара убас иазгәеиҭеит ашәҟәы иҭагалоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара аиҵхара ишахәаԥштәым Аԥсны акриминогентә ҭагылазаашьа еиӷьхеит ҳәа.

"Аҩнуҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа аҟәыҵроуп иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьа аазмырԥшуа адыррақәа ҳаҭара, урҭ русура алҵшәақәа еиӷьхошәа ҟаҵаны ирҵәахуеит ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара", — иҳәеит Ламиа.

Аҭагылазаашьа аԥсахразы иаҭахуп аамҭа кьаҿк иҭагӡаны аҷаԥшьаратә хәҭақәа рҟны авидеорегистраторқәеи абжьы ҭазыҩуа аҭелқәеи рыла аиқәыршәара, уи алшара ҟанаҵоит ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара аилкааразы.

"Ацәгьоура зҵәахыз амилициа аусзуҩ идыруазароуп ахьырхәра шиқәшәо", — азгәеиҭеит Ламиа.

Апрокурор хада иажәақәа рыла, 2014 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 114 амчра аарԥшны иҟаҵаз ацәгьоурақәа, уи 134 цәгьоура рыла еиҵоуп 2013 шықәсазы иҟаз раасҭа. Аха арҭ ацәгьоурақәа раартра макьана ишахәҭоу имҩаԥысуам, иҳәеит Ламиа.

"Амчра аарԥшны иҟаҵаз ақәыларақәа 40 рҟынтәи урҭ ҟазҵаз фҩык роуп аусӡбара иақәшәаз, 58 қәылара рҟынтәи иаарту 12 роуп", — азгәеиҭеит Алықьса Ламиа.

Ацәгьоурақәа рыбжьара ихадароу аҭыԥқәа ааныркылоит аӷьычрақәа, анаркотикатә маҭәашьарқәеи абџьари изакәанымкәа рхархәара, амҩатә машәырқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0