Ассириатәи ақыҭақәа 31 "Аԥсылман ҳәынҭқарра" аибашьцәа рҟынтә иҭарцәуп

© Sputnik / Андрей Стенин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАссириатәи ақыҭақәа 31 "Аԥсылман ҳәынҭқарра"аибашьцәа рҟынтә иҭарцәуп
Ассириатәи ақыҭақәа 31 Аԥсылман ҳәынҭқаррааибашьцәа рҟынтә  иҭарцәуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сириатәи арбџьармчқәа хыԥхьаӡара рацәала "Аԥсылмантә ҳәынҭқарра" аибашьцәа ҭадырхеит Сириатәи апровинциа Ель-Хасика аҟны.

АҞӘА, хәжәк 2 – Sputnik. Сириа арбџьармчқәа ауаажәлар ргәыԥқәа рыцхыраалрала атеррористтә еиҿаара "Аԥсылман ҳәынҭқарра" аибашьцәа рҟынтәи иҭадырцәит Сириа апровинциа Ель-Хасика. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости сириатәи амилаҭтә агентра САНА аинформациа ала.

Сириатәи арбџьармчқәа хыԥхьаӡара рацәала "Аԥсылман ҳәынҭқарра" аибашьцәа ҭадырхеит Сириатәи апровинциа Ель-Хасика аҟны.

Арратә командаҟаҵара ахыҵхырҭа излаанацҳауа ала, Сириа арбџьармчқәа ирылшеит атеррористцәа амҩаду Тель-Брак аанкылараз рыгәҭакы аԥырҟәҟәаара. Уи амҩаду ақалақь Ель-Хасикантәи ақалақь Ель-Шаддади ахь ицоит.

"Аԥсылман ҳәынҭқарра" аибашьцәа аӡиас Хабур аҿықә аҿы ишьҭоу ассириатә қыҭақәа ирықәлеит, иҭҟәангьы иргеит 200-ҩык инареиҳаны аҭынчнхацәа, жәаҩыла ауааԥсыра ҭархан. 31 қыҭа шьаҭанкыла иҭарцәын, хә-нызқь инарзынаԥшуа ауаԥсыра егьырҭ араионқәа рахь иахыҵыр акәхеит.

"Аԥсылман ҳәынҭқарра" аибашьцәа  иааныркылеит Ираки Сириеи рыдгьылқәа маҷымкәа.  Иааныркылаз адгьылқәа рҟны ҳалифат аҳра ауеит ҳәа алаҳәара  ҟарҵеит. Аибашьцәа рхыԥхьаӡара 30 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит.

"Аԥсылман ҳәынҭқарра" аибашьцәа рҿагыларазы  иаку афронт ыҟам. Агәыԥ ирабашьуеит Ираки Сириеи рырбџьармчқәа. Америка ацхыраара ҟанаҵоит аибашьцәа ажәҩан аҟынтәи рылахысра ала. Аидысларақәа ирыхҟьаны иҭахеит зықьҩыла ауааԥсыра, хыԥхьаӡара рацәала ауаа рыҩнқәа ааныжьны имцар ада ԥсыхәа рмоуит, иара убас, ирацәаҩуп иҭҟәаны иргазгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0