00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
10 мин
On air
13:17
6 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
On air
13:43
6 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Гражданин и начальник
Работа КПП в Сухумском аэропорту и нелегалы из Грузии
14:44
11 мин
Дополнительное время
Международный туринир по баскетболу памяти С. Багапш в 15-й раз проходит в Абхазии
14:55
14 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны ахадара Сергеи Багаԥшь ибаҟа иаҭаан дыргәаладыршәеит

© Sputnik Томас ТхайцукВозложение к мемориалу С.В. Багапш. Фото с места события.
Возложение к мемориалу С.В. Багапш. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иирамш аҽны атәыла анапхгара, ауаажәларра ахаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит.

АҞӘА, хәжәк 4 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, Жәлар Реизара ахантәаҩы Валери Бганба, Аԥсны иҟоу Аҭакзыԥхықәу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев, Аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа, адепутатцәа уҳәа Џьгьарда ақыҭан Сергеи Багаԥшь ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Багаԥшь ибаҟахьы инеит иара убас атәыла ауаажәларра рхаҭарнакцәа, арҵаҩцәа, ашколхәыҷқәа.

Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба иазгәеиҭеит Багаԥшь – хаҭара дуун, аламыс злаз уаҩын ҳәа. Аԥсуа изы уи акраҵанакуеит, ациҵеит иара.

"Аҳәынҭқарра ахада – ижәлар рзы дԥызазароуп, акәымзар иуалԥшьақәа аҵыхәтәанынӡа изынагӡаӡом. Сергеи Уасил-иԥа ус иҟаз аӡә иакәын. Ажәлар бзиа дырбон, ҳаҭыр иқәырҵон", – иҳәеит Аӡынба.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит иара убас Сергеи Багаԥшь игәалашәара ажәлар рҿы наунагӡа ишынхо. Иара ихаан Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵеит, ари аус аҿы Багаԥшь илагалагьы рацәоуп.

"Сергеи Уасил-иԥа ақьиара злаз ауҩын, даԥсыуацқьан. Уи даныԥслак ашьҭахь Аҟәа акәымкәа, иқыҭа гәакьаҿы анышә дарҭарц азы иҟаиҵаз аҿаҭахьалагьы иубартә иҟоуп. Ари сара сзы иаҳәо рацәоуп", – ҳәа азгәеиҭеит Аӡынба.

Сергеи Багаԥшь диит 1949 шықәса хәжәкыра 4 рзы Аҟәа ақалақь азы. Далгеит Асубтропикатә нхамҩа аинститут "агрономиа" азанааҭ ала. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Аминистрцәа Реилазаара ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 90-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Багаԥшь Аминистрцәа Реилазаара напхгара азиуан. 2005 шықәсазы Аԥсны ахадас далырхит, 2009 шықәсазы – аҩынтә раан Аԥсны ахадас далхын.

Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы, 62 шықәса дшырҭагылаз. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьаҿы, Џьгьарда.

Ажәабжьқәа зегьы
0